АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла игәаҭаз 236-ҩык рахьтә хәҩык акоронавирус шрымоу аарԥшуп ҳәа аанацҳауеит COVID-19 Аԥсны ауааԥсыра рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Иазгәаҭоуп ҿыц ичмазаҩхаз уаанӡа, ԥхынгәы 22 рзы акоронавирус зыҟны иаарԥшыз ҩыџьа ачымазцәа Аҟәатәи ахәышәтәырҭақәа рҟны ирыцышьҭаз апациентцәеи амедусзуҩцәеи шракәу.
Акоронавирус ҿыц изыхьыз рыхәҩык ирылоу аҿкы чымазара симптомада имҩасуеит, аҽмыруадаҩкәа.
COVID-19 зыхьыз ирныруаз ауаа ргәаҭарақәа амҩаԥысра иаҿуп.
Апандемиа ааҟалеижьҭеи Аԥсны иааидкыланы акоронавирус рыхьхьеит 45-ҩык. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟазауаа Аҟәеи Гәдоуҭеи рхәышәтәырҭақәа ирҭааит
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра 7,5 миллион мааҭ рыхә амедмаҭәахәқәа аанахәеит