Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ 102 шықәса ахыҵра азгәарҭоит

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ 9-тәи амотохысратә дивизиеи, Кутузов иордени Аеҵәа ҟаԥшь аордени занашьоу, 131-тәи Краснодартәи хаз игоу амотохысратә дивизиа Ҟәбантәи аказакцәа рбригада иазиншьҭрақәлаҩуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 - Sputnik. Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ Аԥсны иҟоу арратә базаҟны ԥхынгәы 25 рзы имҩаԥгахараны иҟоуп ари арратә еиҿкаара 102 шықәса ахыҵра. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп амитинг, аплац-концерт, Урыстәылатәи Аладатәи арратә округ Аԥсны иҟоу арратә база аррамаҵзурауаа рнапышьашәалатә еиқәԥара.

Зҽалызкаауа аррамаҵзурауаа иранашьахоит аҳамҭақәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа, абаза аилазаара уаанӡа ара аррамаҵзура иахысуаз ирыдныҳәалоит.

Арратә база ашьаҭаркра 102 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа рахь иааԥхьоуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Аԥсны ахадара, Атәылахьчара аминистрра рхаҭарнакцәа, адинуаа, урыстәылатәи арра-патриоттә еиҿкаара "Юнармия" ааӡамҭацәа, аррамаҵзура иахысуа рҭаацәарақәа рлахәылацәа.

Ауснагӡатә аофициалтә хәҭеи аконцерти рышьҭахь асасцәа аруаа рыбзазашьа рбар рылшоит, иаҭаар ауеит арратә техникеи абџьари рцәыргақәҵа. Аныҳәа хыркәшахоит уахынлатәи асалиут ала.

Арратә база ашьаҭаркра 102 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа ԥхынгәы 20 инаркны ԥхынгәы 25 рахь ииаган иаалырҟьаны ар ргәаҭара алаҳәара иахырҟьаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: