Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟазауаа Аҟәеи Гәдоуҭеи рхәышәтәырҭақәа ирҭааит

Урыстәылатәи аҟазауаа раара хықәкыс иамоуп Аԥсны ахәышәтәырҭақәа рҟны акоронавирус змоу рыхәышәтәраҿы аконсультатив-методикатә цхыраара рыҭара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрр ахаҭарнакцәа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭеи Аҟәатәи аҿкчымазаратә хәышәтәырҭеи ирҭааит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟазауаа Аҟәеи Гәдоуҭеи рхәышәтәырҭақәа ирҭааит

Урыстәылатәи аделегациа аилазаара иалоуп:

  • Краснодартәи атәылаҿацә Агәабзиарахьчара аминистрра Ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара аиҿкааразы аусбарҭа иаҵанакуа астационартәи иҷыдоуи амедицинатә цхыраара аиҿкаара аҟәша аиҳабы Дмитри Гурбич,
  • Краснодартәи атәылаҿацә Агәабзиарахьчара аминистрра аштат иалам аепидемиолог-аҟазауаҩ, "Аклиникатә кьыбачымазаратә диспансер 1" аепидемиологиатә ҟәша аиҳабы Ирина Анишьчук,
  • Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра иатәу ФГБУ "НМИЦ ФПИ" аҿкчымазарақәа раан ацхыраараҟаҵаразы анализ агәыԥ иалоу аҿкчымазара аҳақьым Александр Дмитриев.

Аделегациа аусуратә ныҟәараан ирыцын Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алхас Конџьариа, Апарламент адепутат, Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы акоординациатә штаб алахәыла Алхас Џьынџьал.

Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟазауаа Аҟәеи Гәдоуҭеи рхәышәтәырҭақәа ирҭааит

Урыстәылатәи аҟазауаа раара хықәкыс иамоуп Аԥсны ахәышәтәырҭақәа рҟны акоронавирус змоу рыхәышәтәраҿы аконсультатив-методикатә цхыраара рыҭара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: