Урыстәыла аҳаиртә еимадара нанҳәа 1 инаркны ихацнаркуеит

Акоронавирус азы адунеитә пандемиа иахырҟьаны хәажәкыра 27 раахыс Урыстәыла аҳаиртә еимадара ԥкуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла егьырҭ атәылақәеи иареи рыбжьара аҳаиртә еимадара нанҳәа 1 инаркны ихацнаркуеит, ареисқәа мҩаԥгахалоит Москва, Москватәи аобласт, Санкт-Петербург, Ростов-на-Дону рҟынтәи ҳәа аҩуеит РИА Новости.

"Жәларбжьаратә аҳаиртә еимадара ахацыркразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит. Убри аан азхьаԥшра аҭан урҭ атәылақәа репидемиологиатә ҭагылазаашьа. 2020 шықәса нанҳәа 1 инаркны ареисқәа мҩаԥгахалоит Москва, Москватәи аобласт, Санкт-Петербург, Ростов-на-Дону рҟынтәи", - иҳәеит Мишустин Урыстәыла аиҳабыра реилацәажәараҿы.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова илҳәеит аоперативтә штаб аҳаиртә еимадара ахьзалшо атәылақәа рсиа аус аднаулоит ҳәа.

Акоронавирус азы апандемиа иахырҟьаны хәажәкыра 27 раахыс Урыстәыла аҳаиртә еимадара ԥкуп.

Ззин ыҟаз аидаратә, аԥошьҭатә, асанитартә, агуманитартә реисқәа ракәын, иара убасгьы аиҳабыра рзин ҷыдала иалшон атехникатә маҵзуразы, иҭацәу аҳаирпланқәа рырԥырреи атранзит реисқәа рымҩаԥгареи рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: