Урыстәылатәи атуристцәа рыдкылара иазыхиоу атәылақәа рыхьӡ ҳәоуп

© Sputnik / Константин Михальчевский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНачало курортного сезона в Крыму
Начало курортного сезона в Крыму - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 15 рҟынӡа атуристцәа Аԥсны аҳәаа рахысреи заанаҵы аԥсшьарҭа ҭыԥқәа раҿаҵареи рзы аԥкрақәа аус руеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Урыстәыла Атуроператорцәа рассоциациа (АТОР) атуристцәа рыдкылара иазыхиоу атәылақәа ааба рыӡбахә рҳәеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Арахь иаҵанакуеит: Ҭырқәтәыла, Куба, Доминикана, Мексика, Мальдивы, Хорватиа, Египет, Арабтәи Аемиратқәа.

Убри аан АТОР иазгәанаҭоит ԥхынгәы 16 инаркны ишеилкаахо Аԥсны урыстәылатәи атуристцәа рзы аҳәаа аанартуоу иаанамыртуоу.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа иусдҵала ԥхынгәы 15 рҟынӡа Аԥсны атуристцәа аҳәаа рахысреи заанаҵы аԥсшьарҭа ҭыԥқәа раҿаҵареи рзы аԥкырақәа аус руеит.

Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны
Бжьаниа аҳәаа аартразы: Урыстәылеи ҳареи ҳшьаҿақәа еиқәыршәаны иҟаҳҵалароуп

Ԥхынгәы 3 рзы имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит аҳәаа аартра аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ишадҳәалахо, Аԥсны аҳәаа аартра ишазыхиоу, аха атәылақәа рыҩба аамҭак ала рус еиқәдыршәар шакәу.

Иара убасгьы иҳәеит Урыстәыла аиҳабыра рхада Михаил Мишустин ихьӡала ашәҟәы шишьҭхьо абри азҵаара аӡбаразы.

Урыстәыла ԥхынгәы 15 инаркны иаԥыхуп ихымԥадатәиу ҩымчыбжьатәи акарантин атәылахь иалало рзы.

Уаанӡа Роспотребнадзор ажәалагала ҟанаҵахьан аҳаиртә еимадара шьақәыргылазарц: Германиа, Италиа, Великобританиа, Польша, Даниа, Финлиандиа, Венгриа, Нидерландқәа, Норвегиа, Китаи, ШриЛанка, Вьетнам, Монголиа рахь.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Татиана Голикова аҳәамҭа ҟалҵеит аҳаиртә еимадара ахацыркразы аҭагылазаашьа иахәаԥштәуп, 100 нызқьҩык ауааԥсыра рыбжьара 40 вирус хҭыс еиҳамкәа аҭыԥ амазароуп ҳәа.

Ԥхынгәы 14 рзы Аԥсны акоронавирустә инфекциа аҭыԥ амам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0