WhatsApp афункциа ҿыц аусура иалагоит

Амессенџьер WhatsApp ахархәаҩцәа акраамҭа иззыԥшыз афункциа ҿыц аус адулара иалагеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 24 - Sputnik. Амессенџьер WhatsApp афункциа ҿыц аусура иалагоит, уи ашьҭахь ахархәаҩцәа аккаунтк ала ԥшь-хархәагак аамҭакала рхархәара рылшоит ҳәа аанацҳауеит апортал WABetaInfo.

Афункционал аус адулара анхыркәшахалак, аусура ианалагалак, аҟәша ҷыда Linked Devices - "Привязанные устройства" ҟалоит.

Абри аҟәшаҿы иацуҵар алшоит ашьақәгыла ҿыц, уи аҿы агаджетқәа зегьы ҭаҩрак ала иааԥшлоит.

Уаанӡа WhatsApp афункциа аус адырулон арыцхә ала ачатқәа рҿы адыррақәа ирласны рыԥшаара алыршаразы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

  • 2020 шықәсазы миллионла ахархәаҩцәа WhatsApp ада иаанхоит