2020 шықәсазы миллионла ахархәаҩцәа WhatsApp ада иаанхоит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраWhatsApp
WhatsApp  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2020 шықәса рзы аилахәыра Facebook иатәу ацҵақәа рыԥсахуеит. Аԥсахрақәа ирыҵаркуеит Windows Phone, Android, iPhone, iOS рышьаҭала аус зуа агаджетқәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Иажәхьоу аоперацитә система аверсиақәа змоу ахархәагақәа реиҭарҿыцра аҭаххоит амессенџьер ахархәара аҭара алыршахарц азы.

2020 шықәса ажьырныҳәамза инаркны амессенџьер WhatsApp иажәхьоу аоперацитә система аверсиақәа змоу ахархәагақәа рҟны иаднамкыло иҟалоит ҳәа аҳәоит аҭыжьымҭа Daily Mail.

Аԥсахрақәа ирыҵаркуеит Windows Phone, Android, iPhone, iOS рышьаҭала аус зуа агаджетқәа:

Иконка мессенджера WhatsApp на экране смартфона - Sputnik Аҧсны
WhatsApp хархәагақәак рҟны аусура иаҟәыҵыр ауеит

• Android с– аоперациатә система 2.3.7;

• iPhone – аоперациатә система iOS 8 2014ш.

"Арҭ аоперациатә системақәа рыԥсахра ахьҳагәҭакым инамаданы хархәарақәак русура ԥкхар ма иаанкылахар алшоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

"Асмартфонқәа (Android 2.3.x; iOS 8 рышьаҭала иҟоу) аҿыц ҭаҩрақәа рылшом уаанӡа иҟаз аккаунтқәагьы рхархәара рылшом WhatsApp аверсиақәа ԥхьаҟазы иахьеиҭарҿыцхо инадҳәаланы" ҳәа аҳәоит аилахәыра асаит аҿы..

Уи адагьы Windows Phone аверсиа аусура аанкылахоит ԥхынҷкәын 31 инаркны.

Ацҵақәа аус рулоит Linux KaiOS о 2.5.1 аверсиаҟынтә, JioPhone, JioPhone 2.

Ажәабжьқәа зегьы
0