Аԥсны Асанепидстанциа: Гал араион атәылауаҩ иҟны COVID-19 адиагноз еиҭагәаҭатәуп

Ԥхынгәы 24 рзы асоциалтә ҳақәа рҟны ицәырҵит аинформациа ЕгрыГЕС аҟны аус зуа Гал араион атәылауаҩ Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа аҳәаа дахыҵны данца ашьҭахь жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит акоронавирус адиагноз иманы ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. Гал араион атәылауаҩ Қырҭтәыла аекспресс-тест ала изықәдыргылаз адиагноз аԥснытәи аҳақьымцәа агәҩара рызцәырнагоит лҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз атәыла асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик.

ЕгрыГЕС аҟны машьынарныҟәцаҩс аус зуа Гал араион атәылауаҩ жәыргьыҭтәи ахәышәтәырҭа дҭашәеит, уа акоронавирус адиагноз изықәдыргылеит.

Даҽа хҩык: Аԥсны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа аарԥшуп

"Гал араион аепидемиолог ақырҭуа ган уахи-ҽни аус зуа аҭел ала рыҽрымаданы, ҩаԥхьа уи ауаҩ атест изыҟарҵарц драцәажәеит, избанзар ЕгрыГЕС аҟны машьынарныҟәцаҩс аус зуа акоронавирус шимоу  документалла ишьақәзырӷәӷәо қьаад ыҟаӡам", - лҳәеит Скорик.

Лара лажәақәа рыла, Гал араион аепидемиолог уи атәылауаҩ дахьынхо аҭыԥ даҭааит, уи иныруаз ауаа еилылкааит.

"Уи ауаҩ ичмазаҩыз аӡәы динырны дыҟамызт, ма уаанӡа ЕгрыГЕС дахысны џьаргьы дымцацызт. Уи иаанаго акоронавирустә ихьыртә аӡәгьы диныруамызт. Ҳара ҳхала уи ачымазара илоу иламу агәаҭара ҳалшом, избанзар иара атәы тәылаҿы дыҟоуп, убри азоуп уи ган ҳаҽрымаданы атест деиҭахрыжьырц зраҳҳәаз", - агәалҭоит Скорик.

Иахьатәи аамҭазы Аԥсны акоронавирус зыхьхьоу 45-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.