АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысразы иҟоу аԥкырақәа нанҳәа 4-нӡа рыҿҳәара днахеит.
Абри атәы зҳәо аусдҵа кьыԥхьуп атәыла ахада исаит аҟны.
Уи инақәыршәаны, Аԥсны атәылауаҩра змоу рыуацәа, ма рхылаԥшцәа рбарц азы знык ҳәа Аԥсныҟа иаауа ахәаанырцә тәылауаа, ма атәылауаҩра змам ахаҿқәа аҳәаа рахысраан COVID-19 рцәа ишалам шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы рыцымзар ауеит.
Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус рыдырбалахьеит 63-ҩык ауаа. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.
Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>