Даҽа фҩык ауааԥсыра акоронавирус рцәа ишалоу ааԥшит Аԥсны

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы амазааразы агәаҭара иахысит 72-ҩык.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Даҽа фҩык ауааԥсыра акоронавирус рыдбалоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ԥшьымз раахыстәи акарантин: акоронавирус Аԥсны аԥсҭазаара ишаныԥшыз

Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә ҿкы амазааразы агәаҭара иахысит 72-ҩык. Аштаб иаанацҳауеит убасгьы, ԥхынгәы 26 рзы Ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы зыԥсҭазаара иалҵыз апациент акоронавирус ицәа иаламызт ҳәа. Уи ахаҵа аҷаҷа чымазара иман, ахәышәтәырҭахь днаргеит ишьақәыӷәӷәара иаалырҟьаны иахьылаҟәыз азы.

Абри аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҟны ишьҭоуп жәҩык акоронавирус зцәа иалоу ачымазцәа, даҽа быжьҩык аҩны рҽыԥхьакны ачымазара рхыргоит.

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус рыдырбалахьеит 63-ҩык ауаа. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иазку егьырҭ ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>