АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара ақәҵарала ахәаша, ԥхынгәы 31 ԥсшьарамшны ишьақәыргылоуп. Аԥсны аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа азгәарҭоит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра аныҳәатәи агәалашәаратәи мшқәа рзы" азакәан инақәыршәаны, ԥхынгәы 31 ныҳәатә мшны ирылаҳәазааит ҳәа аҳәоит Аминистрцәа Реилазаара асаит.
Кәырбан-Баирам, мамзаргьы Ид аль-Адҳа аԥсылманцәа ирныҳәоуп, аҳаџьныҟәара хнаркәшоит. Аҳаџь - аԥсылманра ахәбатәи ашьаҭоуп. Кәырбан-Баирам аныҳәа акәзар, зуль-хиджа амза а-10-тәи амш (аԥсылманцәа рымзар ала а-12-тәи амза) ауп иаанаго.
Кәырбан-Баирам Аԥснгьы адунеи зегьы аҿеиԥш иазгәарҭоит. Ара иара ахатәы хьӡы амоуп – Кәырбанныҳәа.