Аԥсны аԥкьаҭасратә федерациа раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи (Ака) Арӡынба игәалашәара иазкыз Аԥкьаҭасразы ареспубликатә турнир Аҟәа имҩаԥысуан ԥхынгәы 24 инаркны 30 - нӡа.
"…Аԥкьаҭмпыл азы Урыстәылатәи афедерациа ахада Шамил Тарпишьев иҟны сыҟан. Азин ҳаиҭеит Салыбеи Зосим-иԥа Арӡынба ихьӡ зху атурнир "Море в Гаграх" ҳәа иҟоу аицлабра, иара убас Аԥсны Афырхаҵа Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху атурнир рҟны иаиааиуа ахәыҷқәа рреитинг анҵаны Урыстәылаҟа иҳашьҭларц. Уи даара иус бзиоуп ҳәа сахәаԥшуеит, избанзар ареитинг рымамзар Урыстәыла имҩаԥысуа аицлабрақәа рхы рызрылархәӡом", - иҳәеит Абӷаџьаа.
Иара еиҭеиҳәеит убасгьы Урыстәыла аԥкьаҭасразы академиаҟны ҩ-ҭыԥк хәыда-ԥсада Аԥснытәи аспортсменцәа қәыԥшцәа ишырзоурыжьыз атәы.
Шәазыӡырҩы аудио.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Амедалқәеи ахраҿақәеи ранашьан: Аҟәа аԥқьаҭасразы атурнир мҩаԥысит