Амедалқәеи ахраҿақәеи ранашьан: Аҟәа аԥкьаҭасразы атурнир мҩаԥысит

© Sputnik / Марианна КубраваТеннисный корт
Теннисный корт   - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥкьаҭасратә федерациа раԥхьатәи ахада Салыбеи Арӡынба игәалашәара иазкыз Аԥкьаҭасразы ареспубликатә турнир мҩаԥысит ԥхынгәы 24 - 30 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik. Аԥсны аԥкьаҭасратә федерациа раԥхьатәи ахада, Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи Арӡынба игәалашәара иазкыз Аԥкьаҭасразы ареспубликатә турнир хыркәшахеит Аҟәа ҳәа Sputnik иазаарыцҳаит Аԥсны Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы аҿынтә.

Аԥкьаҭасратә турнир иалахәын 50-ҩык аспортсменцәа, Аҟәа, Пицунда, Гагра, Цандрыԥшь рҟынтәи. Иаиааиз алыркаауан доусы рықәратә категориаҟны.

Аашықәса рҟынӡа зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит Александр Ешба, аҩбатәи - Андреи Аветисиан, ахԥатәи - Нестор Ҵышәба, аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ нылкылеит Марианна Шангина, аҩбатәи - Сана Чазмааԥҳа, ахԥатәи - Миа Кәыҵниаԥҳа.

Теннис  - Sputnik Аҧсны
Аԥқьаҭасразы ареспубликатә турнир хацыркхеит

9-10 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ игеит - Лео Кациан, аҩбатәи - Сабри Нанба, ахԥатәи - Осман Џьопуа, аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ лгеит Мила Гумԥҳа, аҩбатәи - Ева Беденашвили, ахԥатәи - Лолита Хмаил.

13 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ никылеит Асҭамыр Кациа, аҩбатәи - Григори Табариан, ахԥатәи - Кирилл Дохоиан, аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ нылкылеит Алла Траиста, аҩбатәи - Лолита Хмаил, ахԥатәи - Лаура Еныкьԥҳа.

16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара актәи аҭыԥ никылеит Асҭамур Кациа, аҩбатәи - Шабат Шармат, ахԥатәи - Андреи Дилениан, аӡӷабцәа рыбжьара актәи аҭыԥ нылкылеит Татиана Магакиан, аҩбатәи - Софиа Агәмааԥҳа, ахԥатәи - Алла Траиста.

Адуцәа рыбжьара: Родион Беиа - актәи, аҩатәи - Асҭамур Кациа, ахԥатәи - Саид Бебиа; актәи -Софиа Агәмааԥҳа, аҩбатәи - Алла Траиста, Николь Џьугелиаԥҳа.

Ҩыџьа-ҩыџьалатәи ақәгыларақәа раан актәи аҭыԥ ргеит - Вахтанг Патхвариа, Алиас Купалба, аҩбатәи - Фарид Шьакаиа, Асҭамур Чачибаиа, ахԥатәи - Роберт Дилениан, Сандро Бигәаа.

Аиааира згақәаз иранашьан ахраҿақәа, амедалқәа, аҳаҭыртә шәҟәқәа.

Реиҳа аԥеиԥш змоу аспортсмен ҳәа далкаан Александр Ешба, иара Салыбеи Арӡынба иҭаацәа рҟынтә аԥаратә ҳамҭа ианашьан.

Уаанӡа Sputnik зыҿцәажәоз Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилакы аспорттә ҟәша аиҳабы Жанна Занҭариаԥҳа илҳәеит Аԥсны Афырхаҵа Салыбеи Арӡынба игәалашәара иазку атурнир, Урыстәылатәи аԥкьаҭасратә тур асиа ишаҵарку, жәларбжьаратәи аҟазшьа шамоу, аха сынтәа аҳәаа ахьарку иахырҟьаны аҳәаанырцәтәи аспортсменцәа зымааит, убри аҟнытә атурнир ареспубликатә статус аманы имҩаԥысит.

Атурнир еиҿыркааит Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭеилаки, Аԥсны аԥкьаҭасратә федерациеи, Салыбеи Арӡынба иҭаацәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0