Акоронавирус змаз апациент иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит 81 ауаа. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы иԥсҭазаара далҵит 79 шықәса ирҭагылаз, акоронавирус зцәа иалаз апациент ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Апациент Гәдоуҭатәи агоспиталь ахь диаган Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа акардиологиатә ҟәша аҟынтә ԥхынгәы 26 рзы, иҭагылазаашьа уадаҩны.

"Иҭагылазаашьа ауадаҩра зыхҟьаз иара иоуз аполисегментартә гәаҵәкроуп, иара убас игәы ачымазарагьы иман, игәеисра аритм еиқәшәамызт. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки иара иҭагылазаашьа иаалырҟьаны еицәахеит, ирыԥҳақәа аҳауа рҭарсрахь ииаган, аха арҭ ареанимациатә усмҩаԥгатәқәа акагьы изацымхрааит. Апациент иԥсҭазаара далҵит иԥсыԥлагаҩагареи игәеисреи разымхара иахҟьаны", - аҳәоит аштаб аацҳамҭаҿы.

Уажәаԥхьа адиагноз COVID-19 рзықәыргылан игәаҭаз 93-ҩык рҟынтә жәаҩык ауааԥсыра.  

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>