Аԥыза-министри Аминистрцәа Реилазаара аусзуҩцәеи акоронавирус азы игәарҭоит

Аԥсны иахьаҵанакуа апандемиа иаалагазар акоронавирустә хҭысқәа зынӡа 81 аадырԥшхьеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Аԥсны Аԥыза-министр Александр Анқәаб, уи ихаҭыԥуаа, Аминистрцәа Реилазаара Аппарат анапхгаҩы, аусзуҩцәа ПЦР-диагностика аҟаҵаразы абиоматериал арҭеит акоронавирустә инфекциа COVID-19 рцәа иалоу иаламу ашьақәыргылараз ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Атестқәа  рҭак нанҳәа 3 рзынӡа иҟалом.

Аԥсны апандемиа иаалагазар 81-ҩык аҿкы рыхьхьеит. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахеит, ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит. Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп 14-ҩык апациентцәа, акоронавирус зцәа иалоу даҽа 30-ҩык аҩны рҽыԥхьакны иҟоуп.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>