Даҽа хҩык Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рыдбалоуп

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит 84-ҩык ауаа. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 31 - Sputnik. Даҽа хҩык Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус адиагноз рзықәдыргылеит ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Иаҳхысыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус амазааразы агәаҭара иахысит 26-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә адиагноз COVID - 19 рзықәыргылоуп хҩык. Ачымазцәа зныруаз егьырҭ ауаа ргәаҭарақәа ирыцҵахоит", – ҳәа аҳәоит аацҳамҭа.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 17-ҩык апациентцәа.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҿкы рымкырц азы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Уажәаԥхьа адырра ҟалеит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы иԥсҭазаара дшалҵыз акоронавирус чымазара змаз, 79 шықәса зхыҵуаз апациент. Абасала, атәылаҿы акоронавирус зыхьны зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара хҩык ыҟоуп.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>