Агәабзиарахьчара аминистр иҳәеит COVID-19 здырбало атуристцәа шырхәышәтәло

Нанҳәа 1 азы Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа аадыртит, аҩ-тәылак руааԥсыра аҳәаа рахысраан акоронавирус рцәа ишалам зҳәо ашәҟәы аҭахӡам.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Урыстәылатәи атуристцәа акоронавирустә чымазара рыдбалахар, Аԥсны ихымԥадатәу ацхыраара рыҭара иазыхиоуп, аха рыхәышәтәра Урыстәыла имҩаԥыслоит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Акоординациатә штаб аилатәара ахыркәшамҭаз Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахьалагьы аԥсуа-аурыс ҳәаа аартуп

"Урыстәыла атәылауаа ихымԥадатәу ацхыраара раҳҭалоит еснагь еиԥш, егьырҭ ачымазарақәа раангьы, иара убас Урыстәылеи ҳареи ҳабжьара иҟоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, раԥхьатәи ацхыраара анроулак ашьҭахь апациентцәа рыхәышәтәра иацырҵароуп Урыстәыла аҵакырадгьыл аҟны. Иҷыдоу амашьына Ԥсоу аҳәааҿы иааиуеит, ачымазаҩ уи дақәҵаны иахьиқәнагоу амедицинатә усбарҭахь дыргоит", - иҳәеит иара.

Иара еиҭеиҳәеит убасгьы, иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп ҳәа COVID-19 зцәа иалоу 23-ҩык апациентцәа, рҽыԥхьакны иҟоуп 22-ҩык.

"Ичмазаҩхаз рахьтә ԥшьҩык хәыҷқәоуп, рҭагылазаашьа шәарҭам", - иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа. 

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аартуп нанҳәа 1 инаркны аҳәаанырцә тәылауаа зегьы рзы, абри азы адҵа рыдыркылеит Урыстәыла Аминистрцәа Реилазаараҿгьы.