Акоронавирус рыдбалоуп даҽа 14-ҩык Аԥсны ауааԥсыра

Иахьазы Аԥсны иахьаҵанакуа акоронавирус рыдырбалахьеит зынӡа 98-ҩык ауаа. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Даҽа 14-ҩык Аԥсны ауааԥсыра адиагноз "коронавирус" рзықәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 222-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 рзықәыргылоуп 14-ҩык. Ачымазцәа ирныруаз ауаа ргәаҭарақәа ирыцҵахоит", - ҳәа аҳәоит аштаб аацҳамҭа.

Абри аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык апациентцәа ҳәа азгәарҭеит аоперштаб аҟны.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рааигәа аамышьҭразы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: