Бжьаниа ипресс-маҵзура: аҳәаа шаартхо ӡбоуп, акәамаҵамақәа хазы ирзааҭгылоит

Акоронавирус аҽацәыхьчаразы Урыстәылатәи аштаб изаамҭанытәиу аилатәараҟны иӡбан 2020 шықәса, нанҳәа 1 инаркны Урыстәылеи Аԥсни рҳәаа аартызарц.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 1 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Москва иусуратә еиҿцәажәарақәа ирыциҵоит, аха аҳәаа аартра азҵаара уажәнатә иӡбоуп ҳәа адырра ҟарҵеит ахада ипресс-маҵзураҿы.

Урыстәыла Аԥсни иареи рҳәаа аанартуеит нанҳәа 1 инаркны

"Аиҿцәажәарақәа рылҵшәа хада ҳауит – аԥсуа-аурыс ҳәаа аартра азҵаара ӡбоуп. Ишдыру еиԥш, Роспотребнадзори Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрреи Аԥсны аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иарҭаз ахәшьара бзиан, убри шьаҭас иазыҟалеит аҳәаа аартра азҵаара аӡбарагьы. Аха аҳәаа ахысра акәамаҵамақәеи амеханизмқәеи макьана рылацәажәара мҩаԥысуеит. Аҳәаа ахысра иадҳәалоу иконкреттәу аԥҟарақәа рыӡбахә ҳәахоит Аԥсни Урыстәылеи реиҳабырақәа русуратә еилацәажәарақәа анхыркәшахалак ашьҭахь", - ҳәа аҳәамҭа ҟаҵан апресс-маҵзураҿы.

Уажәаԥхьа адырра ҟалеит Урыстәыла Аԥсни иареи рҳәаа шаанартуа нанҳәа 1 инарнкы.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аҵыхәтәантәи иқәҵара инақәыршәаны, аԥсуа-аурыс ҳәаа ахысра иацу аԥкрақәа нанҳәа 4-нӡа рыҿҳәара иацҵан.