Аԥсны ахәҭак фымцалашарада иаанхоит ашәахьа, нанҳәа 3 рзы

Ашәахьа, нанҳәа 3 рзы авольтҳарак цәаҳәа Аҽгәара-220 аҿыххоит, амҩаду арыцқьара инамаданы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 2 - Sputnik. Аԥсны ахәҭак фымцалашарада иаанхоит ашәахьа, нанҳәа 3 асааҭ 05:00 инаркны 06:00 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

Афымцалашара дырцәоит Гагра, Гәдоуҭа, Тҟәарчал араионқәеи, иара убас Аҟәа араион мрагыларатәи ахәҭеи Аҟәеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: