Аматематик даныӡбаҩу: Алеко Гәарамиа Олимпиада-80 ахь апутиовка шиоуз

XXII аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа мҩаԥысуан Москва ԥхынгәы 19 инаркны нанҳәа 3 рҟынӡа, 1980 шықәсазы. Аԥснытәи аспортсменцәа СССР еизгоу акомандақәа ирылахәны рықәгылара адагьы ахәмаррақәа реиҿкаара иалахәын, ӡбаҩцәасгьы иҟан.
Sputnik

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, апрофессор Алеко Гәарамиа аӡбаратә еилазаара далахәылан. Аолимпиадахь инеишьа шыҟалази, гәалашәараны изынхази, Москва Аԥсны ахадас иҟалараны иҟаз Владислав Арӡынбеи иареи шеибадырызи Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

"Азыҟаҵаҩцәак ражәақәа рыла Алеко иааирԥшит абокси аматематикеи шеиныруа. Сара уи аҭакс исҳәоит: "Ҳера ҟалаанӡа VI ашәышықәсазы, напышьашәала аисаразыраԥхьатәи Аолимпиатә чемпионс дыҟан Пифагор, ус анакәхара сара раԥхьатәим", - абас иажәабжь далагоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, апрофессор Алеко Гәарамиа.

Алеко Алықьса-иԥа деицырдыруеит афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдокторк иҳасаб ала, аха абокс дшадҳәалаз атәы здыруа маҷуп. 15 шықәса анихыҵуаз  аринг ахь днеихьан, зынӡа 64 еисара мҩаԥигахьан, урҭ рҟынтәи хԥа заҵәык роуп дызҵахаз.

Алеко Гәарамиа иқәыԥшымҭазы абокс акыр иқәҿион.

Аматематик даныӡбаҩу: Алеко Гәарамиа Олимпиада-80 ахь апутиовка шиоуз

Аолимпиада-80 аҟалара акыр шагыз Алеко Гәарамиа реферик иҳасаб ала дықәгылон Москва, Тҟәаԥс, Баҭым, Ташкент, Аҟәа уҳәа имҩаԥысуаз аиндаҭларақәа рҿы.

Москва имҩаԥысраны иҟаз аспорттә хҭыс ду аламҭалазы ССР Аспорттә еилакы абокс аҟәша аиҳабы Александр Капусткин Алеко Гәарамиа ӡбаҩыс уҟалароуп, XXII Аолимпиатә хәмаррақәа рахь аккредитациа шииҭоз иеиҳәеит.

Аматематик даныӡбаҩу: Алеко Гәарамиа Олимпиада-80 ахь апутиовка шиоуз

Гәарамиа ишиҳәо ала аԥхьаҵәҟьа иаҳаз даацәшәеит – асеиԥш  аицлабра дуқәа рҟны ӡбаҩыс дҟамлацызт. Аха узеигәырӷьашагь ыҟан, аккредитациа умазар иарбанызаалак ахәмаррақәа убар улшон.

"Аӡбаҩцәа рыбригада салахәхеит. Аспортсменцәа аринг ахь иназгон, агонг аоператорс сыҟан, сара сзын ари ныҳәак еиԥшын", - иҳәоит Гәарамиа.

Олимпиада пандемиам

Изларгәалашәо ала  XXII Аолимпиатә хәмаррақәа рыламҭалаз Асовет Еидгылаҿ аиҭакрақәа рацәахеит. Ицәырҵит уаанӡа ирымбацыз атауарқәа, афатәаалыҵ, арыжәтә. Алеко Гәарамиа иҳәоит "Аолимпиада пандемиам, еиҭакраҳәагьы акгьы сымбеит" ҳәа.

Абокс ахаҭаҿы  атехникатә ҟазшьа змаз еиҭакра маҷқәак мҩаԥысит. Агонг атехника аҽаԥсахит, жьаҳәала асра ацынхәрас ацифратә прибор ықәдыргылеит.

"Агонг аҿы апограммала имҩаԥысуаз ақәгыларақәа  ҩба ахԥатәи рыхәҭа мҩаԥызгазар ҟалап. Агонги аринги хԥаҟа метра ракәын ирыбжьаз. Уа имҩаԥысуаз зегь сбарҭан", - игәалаиршәоит Алеко Гәарамиа.

Аолимпиада-80 агәырӷьарақәеи агәыхьқәеи

Аӡбаратә аамҭақәа рыбжьара Алеко Гәарамиа имаз аккредитациа ихы иархәаны егьырҭ аиндаҭларақәагьы дрыхәаԥшуан. Убас иара дақәшәеит  хынтәтәи аԥаразы аолимпиатә чемпион Виктор Санеев иқәгылара.

Ачемпион изы "араӡны": Аԥснытәи аспортсмен Аолимпиада-80 аҿы аҩбатәи аҭыԥ шигаз

Аолимпиада аамҭа гәахәарыла игәаланаршәақәо ириеуоуп Аԥсны аԥхьаҟаз ихадахараны иҟаз Владислав Арӡынбеи иареи реибадырра. Усҟан Алеко Алексеи-иԥа ӡбаҩык иҳасаб ала агонг аҿы дыҟан.

"Акомплекс "Олимпийский" аҿы офицерки сареи ҳтәан. Ус иара аӡәы днеиԥхьеит, даныхынҳә "Абна аԥсыуак дуазҵаауеит" ҳәа сеиҳәеит. Сыԥшызар ҷкәына қәыԥшк дгылоуп. "Сара Владислав Арӡынба соуп. Анри Михаил-иԥа Џьергьениа ашәҟәы шәзааиҭиит" иҳәан бӷьыцк аасиркит. Сывара дтәарц аниасҳәа "Иҟалома?" ҳәа дҵааит. Абас,  Владислав Арӡынба жәларбжьаратәи акатегориа иатәыз аӡбаҩцәа дрылатәан, асовет боксиорцәа анықәгылоз зегь раасҭагьы даҵаҳәҳәаны ргәы шьҭихуан", - игәалаиршәоит Гәарамиа.

Аӡбаратә емблема

Аполитика ду иахырҟьаны Аолимпиада-80 ахь изымааз акомандақәа ҟалеит. Алеко Гәарамиа иажәақәа рыла аицлабрақәа раԥшьгаҩ абарон Пьер де Кубертен иидеиақәагьы еилаган.

Аматематик даныӡбаҩу: Алеко Гәарамиа Олимпиада-80 ахь апутиовка шиоуз

"Аолимпиада алахәымхашьас иҟоузеи? – дҵаауиет Гәарамиа. – Аштатқәа ирылшоз зегь ҟарҵон арҭ ахәмаррақәа зынӡа имҩаԥымсырц азы. Аха араҟа ишьақәыргылахеит 74 олимпиатә рекорд".

Иара убасгьы игәы инархьуан  афинал ахь инеиз быжьҩык асовет боксиорцәа рахьынтә аӡәызаҵәык ахьтәы медал дахьаԥсахаз.

"Фҩык аԥыжәарарзымгеит, аӡәызаҵәык, Краснодартәи, Шамиль Сабиров олимпиатә чемпионхеит", - иҳәоит иара.

Ус шакәугьы  Алеко Гәарамиа изы Аолимпиада-80  ныҳәа духеит.

"Аолимпиада – ныҳәа дуӡӡоуп. Сара насыԥ сыман адунеиаҿ иналукааша  аспортсменцәа, Мухаммед Али дназлаз сылала иахьызбаз. Кубаа иссиру боксиорцәан", - игәалаиршәоит ААУ аректор, апрофессор Алеко Гәарамиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: