Аладатәи арратә округ аруаа аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа реихсра мҩаԥыргон

Аруаа имҩаԥыргаз аԥырҩы дызҭам аԥрыгақәа реихсра ҳаамҭазтәи аибашьратә ԥышәа анализи, Аладатәи арратә округ аҟәшақәа рхы иадырхәо атактика аҿиареи шьаҭас ирымоуп.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аладатәи арратә база аруаа "аӷа" аԥырҩы дызҭам иԥрыгақәа аимитациа рзызуа ацәҟьарақәа рҭархаразы аҽаршьцыларақәа аларгалеит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аԥхьа аԥрыгақәа реихсшьа рҵоит абаза амотохысратә ҟәша аруаа. Амотохысцәа аҽыԥхьакратә ҭыԥқәа рҟынтәи ихыслоит абна-шьхаратә ҭагылазаашьаҟны автоматқәеи апулемиотқәеи рыла", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Аруаа ироуеит алшара аԥшыхәратә ԥрыгақәа раарԥшразы, рдыррақәа ирыцырҵоит ахықәкылатә хысраҿы. Хықәкны иҟалоит ҷыдала аус зыдулоу, инеиҭаҵ-ааиҭаҵуа ацәҟьарақәа, аԥрыгақәа рыхкқәа иреиԥшу.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: