Аԥснынтә COVID-19 зманы инанаго апациентцәа рзы адкыларҭа дырхиоит Шәача

Иахьазы Аԥсны авирус роухьеит 98-ҩык, урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 4 - Sputnik. Аԥсны ԥсшьара иҟаз, COVID-19 зманы инанаго апациентцәа рзы Шәача ақалақь аҿы адкыларҭа дырхиоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко иажәақәа ҵаҵӷәыс иго.

"Иахьа ҳара Шәача адкыларҭа ҿыц азырхиара ҳаҿуп, авирус змоу ҳтәылауаа Урыстәыла аҵакырахь иаагатәхар иахьҳадаҳкыло", - иҳәеит Мурашко ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

Мурашко иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аартра аламҭалаз уахь ишнеиз Агәабзиарахьчареи Роспотребнадзори рхаҭарнакцәа аҭагылазаашьа ахәшьара аҭаразы.

Нанҳәа 1 аахыс Аԥсни Урыстәылеи аҳәаа ахысразs иҟаз аԥкырақәа аԥырхит.

Иахьазы Аԥсны авирус роухьеит 98-ҩык, урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык ԥсит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>