Аԥсны Аӡбарҭа анагӡаҩыс дҟаҵоуп Зураб Барцыц

2017 шықәса рзы Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара реилатәараҟны Зураб Барцыц Аԥсны Аӡбарҭа анагӡаҩцәа рмаҵзура ахада ҳәа далырхит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 6 – Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аусдҵала Зураб Барцыц Аԥсны Аӡбарҭа анагӡаҩ хада ҳәа далырхит ҳәа аанацҳауеит Аминистрцәа реилазаара асаит.

Иара убасгьы аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаас ҳәа иалхуп Виачеслав Бганбеи Едуард Гамисониеи. Аԥсны атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп Асҭамыр Барцыц.

Барцыц Зураб Григори-иԥа – диит 1959 шықәса рзы Гәдоуҭа араион, Блабырхәа ақыҭан.

1977 шықәса инаркны 1979 шықәса рҟынӡа Асовет ар рҟны аррамаҵзура дахысуан.

1989 шықәса рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет, азиндырратә факультет далгеит.

1997 шықәса инаркны 2003 шықәса рҟынӡа — Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, аекономикатә цәгьоурақәа рҿагылараз Аусбарҭа аиҳабы.

2003 шықәса инаркны 2006 шықәса рҟынӡа — Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра Аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа аиҳабы.

2006 шықәса инаркны 2014 шықәса рҟынӡа — Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура хада, азеиԥш хылаԥшразы Аусбарҭа аиҳабы.

2014 шықәса инаркны иахьанӡа — Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура хада азакәанԥҵара анагӡара ахылаԥшразы Аусбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ.