Аԥснытәи аҩқәа урыстәылаа еиҳа бзиа ирбо иреиуоуп

Роскачество Урыстәыла ирҭиуа аҩы аџьармыкь ҭнаҵааит. Уи инақәыршәаны иалкаан урыстәылаа еиҳа бзиа ибаны иалырхуа аҩқәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Аԥснытәи аҩқәа урыстәылаа еиҳа бзиа ирбо аҩқәа рсиахь иаҵаркын Роскачество аҭҵаарақәа инарықәыршәаны.

Аекспертцәа еиҳа ирылаҵәоу аҩхкқәа рыӡбахә рҳәеит.

Аиҳарак ара бзиа ибаны иржәуеит Италиа, Испаниа, Қырҭтәыла, Франциа, Аԥсны, Чили, Португалиа, Германиа, Молдова иҭрыжьуа аҩқәа.

Аԥснытәи аҩы еилаччақәа еиҳа иалыркаауа – Италиа, Испаниа, Франциа, Португалиа рҟынтәи аҩқәа ахәба ирылашәеит. Аишәаҩқәа еиҳа Урыстәылаҟа иназышьҭуа атәылақәа рыҩныҵҟа Аԥсны аҩбатәи аҭыԥ ннакылеит.

Убри аан Аԥсны иҭрыжьыз аишәаҩқәа ԥшьба 2019 шықәсазы Урыстәылаҟа иаларгалаз, аԥыжәара змоу аҩқәа рмаркақәа хәба ирылоуп.