Даҽа хәҩык Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рыдбалоуп

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 95-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 рзықәыргылоуп хәҩык.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 6 - Sputnik. Даҽа хәҩык Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рыдбалоуп ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Абри аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык апациентцәа.", - ҳәа аҳәоит аштаб аацҳамҭа.

Иахьазы Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 114-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>