COVID-19 азы абиоматериал ахьырго апункт аадыртуеит Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿы

Иахьазы Аԥсны коронавирус змоу рзеиԥш хыԥхьаӡара 114-ҩык ыҟоуп. Урҭ рҟынтәи 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. COVID-19 азы абиоматериал ахьыргои арентгенологиатә ҭҵаарҭеи апункт аамҭала иаадыртуеит Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҿы.

Абри азы аусдҵа инапы аҵеиҩит Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба.

Ари ауснагӡатә амҩаԥгаразы иаартхоит арентгени абиоматериал агарҭа ркабинеҭқәа.

Аусдҵа ахылаԥшра анапы ианҵоуп Аҟәа ақалақь ахадара агәабзиарахьчара Аусбарҭа.

Уажәазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭоуп 40 пациент акоронавирустә инфекциа рыманы.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>