COVID-19 рзықәыргылоуп даҽа фҩык Аԥсны ауааԥсыра

Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 82-ҩык Аԥсны ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 7- Sputnik. Адиагноз COVID-19 рзықәыргылоуп даҽа фҩык Аԥсны ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Иахьазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 40-ҩык апациентцәа.

Иахьазы Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 120-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 37-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>