"Каскад-М" адиректор хада иганахь ала ашьаусҭҵаара мҩаԥысуеит

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи русбарҭа аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аргыларатә компаниа "Каскад-М" иатәу ашьҭаҵарҭа аҵакыраҿы ишьҭаз 2 миллионки 637 нызқьи 430 патрон рымырхит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. "Каскад-М" адиректор хада, ацшьаҭаркыҩ Аӡынба А.О. иганахь ала ашьаусҭҵаара мҩаԥысуеит аџьаԥҳаны закәаншьаҭада иаахәаны аҵәахразы, ахеиқәыршәақәа (патроны-аред.) ԥшаан анаплакы аҵакыраҿы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Аус аматериалқәа рыла Аӡынбеи зхаҭара шьақәыргылам хаҿқәаки азин рымамкәа еиуиеԥшым агәыцә ирықәшәо аџьаԥҳаны аахәаны иҵәахны ирыман.

Анаплакы қьырала иаго Афырхацәа-аҳәаахьчаҩцәа рымҩаҿы иҟоу аҵәахырҭа аҵакыраҿы игылаз аидарамҩангагатә контеинерқәа аартын ашаҳаҭцәа рҿаԥхьа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: