Урыстәылатәи аруаа ашьаҟауаа ржәылара ааныркылеит ашьхараҿ

Уахынлатәии ҽынлатәии ахысрамҩаԥгара иалахәын 500-ҩык аруааи 100 инеиҳаны арратә техникеи.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 7 - Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база амотосхысцәеи артиллеристцәеи рыҟәшақәа Аԥсны иаԥдырҟәҟәааит "аӷа" иршьаҟауаа ржәылара ҳәа аанацҳауеит Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база апресс-маҵзура.

Аруаа ртанкқәеи, зкәылӡы ҵаӷоу атехникеи, илаҟәны иԥыруа ахархәагақәеи, ацәҟьарақәеи иреихсуан аполигон Ҵабал аҿы.

Ахархәара аҭан еиуеиԥшым абџьар, акәылӡтәы транспортиорқәа БТР-82А, анапылатә гранатаршәгақәа РПГ-7, 120-мм иҟоу аминомиотқәа уҳәа.

Аруаа анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥганы, ахсаалақәеи аспутниктә система "Глонасс" рхы иархәаны рмаршрутқәа шьақәдыргылеит.

"Аӷа" иԥшааразы рхы иадырхәеит иара убасгьы аԥырҩы дызҭам арԥрыгақәа, еиҭарго аԥшыхәратә комплексқәа (КРУС) "Стрелец".

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: