Аԥсны ААР Аахыҵ Уаԥстәылаҟа адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит

2008 шықәса, нанҳәа 8 ауха ақырҭуа ар Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь Цхьинвал иалахысит, абџьаршьҭыхлатәи абри аконфликт нанҳәа 12 рҟынӡа имҩаԥысуан.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адышшыларатә шәҟәы нанашьҭит Қырҭтәыла бџьаршьҭыхла ирықәлеижьҭеи 12 шықәса аҵра инадҳәаланы.

"Ашықәсқәа царгьы арҭ ахҭысқәа хашҭшьа рымаӡам, аԥсуа жәларгьы абри амш азы риашьаратә ауаԥс жәлар ирыцџьабоит, иҭахаз ргәаладыршәоит. Рыԥсаҭа лашазааит урҭ амш еиқәаҵәақәа ирылаӡыз зегьы. Аахыҵ Уаԥстәыла наӡаӡа аҭынчра амазааит!" – ҳәа аҳәоит ААР аофициалтә саит аҟны икьыԥхьу ашәҟәаҿы.

Уи адагьы иазгәаҭоуп абри аамҭа цәгьазы Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар адгылара рызҭаз Урыстәыла иҭабуп ҳәа шарҳәо.  

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: