Аԥсны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа 14 аарԥшуп, ачымазара ихьит аԥсшьаҩгьы

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны ачымазара здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 134-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 38-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 8 - Sputnik. Даҽа 14 коронавирустә хҭыс ҿыц шьақәыргылоуп Аԥсны, даарԥшуп ичмазаҩхаз аԥсшьаҩгьы ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 149-ҩык ауааԥсыра, адиагноз COVID - 19 рзықәыргылоуп 14-ҩык", - ҳәа азгәаҭоуп аацҳамҭаҿы.

Раԥхьаӡа акәны Аԥсны иахьаҵанакуа COVID-19 ицәа ишалоу аарԥшуп аԥсшьаҩы, уи ихәышәтәра Урыстәыла имҩаԥысуеит, уахь дыргахьеит ҳәа азгәарҭеит аштаб аҟны.  

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 42-џьа апациентцәа.

"Згәабзиара ҭышәынтәалаз апациенткацәа рауӡәк дылҩаауп, аҵыхәтәантәи лтест иаанарԥшит акоронавирус шьҭа ишлымам, аха аҵыхәтәанынӡа дшьақәгылаанӡа аҩны дыҟазарц лабжьгоуп ", - ҳәа рҳәоит аштаб аҟны.

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рымкырц азы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц: асоциалтә дистанциа укызароуп, унапқәа сапынла лассы-лассы иӡәӡәалатәуп, еиҳаракгьы адәахьынтә аҩны уанааилак ашьҭахь.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>