Арепатриациа

Фаиқ Чычба: Аԥсныҟа саара – ихамшҭыхəу хҭысуп

Акыршықəса гəыла-ԥсыла зыԥсадгьыл иадҳəалоу, наӡаӡагьы Шьамтəылантəи Аԥсныҟа нхара иааз ҳџьынџьуаҩ Фаиқ Чычба иҭоурых – ажурналист Сырма Ашəԥҳа ланҵамҭаҿы.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсадгьыл ахь ахынҳəра ԥхыӡҵас иззааиуаз ҳџьынџьуаа рахьтə иҟоуп згəыӷрақəа змеижьаз, акыршықəса иззыҳəоз рыԥсадгьыл абара зқəашьхаз. Шьамтəылатəи Арабтə Республикаҿы инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара акыр ихьысҳан Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра аԥхьа, иҟан аиҭанеиааирақəа, аибабарақəа, аха уи азхомызт.

Фаиқ Чычба: Аԥсныҟа саара – ихамшҭыхəу хҭысуп

Ҳазҭагылоу аамҭазы, ишыжəдыруа еиԥш, имаҷҩым зыԥсадгьыл ахь наунагӡа нхара ҳəа иааз Шьамтəылатəи аԥсуаа. Урҭ рахьтə иуԥылоит аԥсшəа цəгьамкəа изҳəо. Еиҳарак ибзианы ирдыруа адыгьа, аҟабарда бызшəақəа роуп, избанзар уи атəылаҿы аԥсуаа реиҳа акырӡа ирацəаҩны инхоит. Аԥсны инхо ҳџьынџьуаа рахь сныҟəарақəа хацсыркцыҧхьаӡа, иџьашьахəу ауаа сԥылоит, зны-зынлагьы схы гəыбӷан асҭоит, избан уажəраанӡа изысзымдыруаз, рыӡбахə зысмаҳацыз ҳəа.

Бассиль Уанаҿа: схәыҷаахыс Аԥсны аӡбахә ала сааӡан

Убас еиԥш, Дранда аҳаблан сара дсықəшəеит Аԥсны раԥхьаӡа акəны 1990 шықəса рзы иааз, анаҩсгьы изныкымкəа иаҭаахьаз, иахьа зыԥсадгьыл аҿы инхо Фаиқ Чычба. Ирацəоуп Фаиқ исзеиҭеиҳəаз аҭоурых, азҿлымҳара зуҭаша ажəабжьқəа.

"Шьамтəылантə Аԥсныҟа иаагаз сымҩа Баҭым иагəылсуан, рашəарамзазы, сҩыза ҟабардаки сареи ҳаицны ҳааит. Уи аамҭа иахьа саназхəыцуа џьашьахəыс исзааиуеит. Агəра сызгомызт ҳабдуцəа рџьынџь сшьапы ықəсыргылеит ҳəа, усҟантəи сҭагылазаашьа аиҭаҳəара уадаҩуп. Сара саԥхьа арахь иаахьан Зиуар Чычба иҭаацəа, рыҷкəын аҭаацəара далалан ачара аура рҽаздырхион. Егьа зузаргьы ачара мышкы сагхеит, ачара адырҩаҽноуп саара аналыршаха. Аԥсныҟа сааразы исҳəарц сылшоит абас – зегь реиҳа насыԥ змоу соуп ҳəа", – иԥсадгьыл ахь раԥхьаӡа иаара шыҟалаз атəы ҳзеиҭеиҳəон Фаиқ Чычба.

Фаиқ Чычба: Аԥсныҟа саара – ихамшҭыхəу хҭысуп

Фаиқ Чычба усҟан Аԥсны мызкы даанхеит. Иашьцəа, ижəлантəқəа ахьынхоз Аҷандара ақыҭахь дцеит. Уи аамҭа ԥсраҽнынӡа ицуп, иузхымҽуа ԥхаррала иҭəуп.

"Сара исгəалашəоит, Аҷандара ақыҭа исықəшəаз, 90 шықəса инареиҳаз сашьа дук исеиҳəаз ажəақəа: "Уажəшьҭарнахыс ҳаицгəырӷьозаргьы ҳаицгəырҕьароуп, ҳаицҵəыуозаргьы убас, ҳарҭ шьак ҳаиднакылоит, иаҳдырроуп. Ас еиԥш аамҭакы сахьахаанхаз уажəшьҭа сара ҭаҳмадак сыԥсрагьы ԥсрам. Акыр ахара иаҳҟəыгаз сашьцəа хəыҷкəа шəыла сахьҭаԥшыз сыԥсынҵра иацлеит", – ҳәа хəыцрашəкы деимаркуа дцəажəон Фаиқ Чычба.

Фаиқ Чычба дызлыҵыз аҭаацəа – ҭаацəа наган. Иаб Шьариф Чычба унеишь-уааишь ҳəа зарҳəоз аԥсыуа хаҵан. Шьамтəылантəи Аԥсныҟа иаақəахьаз аԥсуаа драԥхьагылан.

Фаиқ Чычба: Аԥсныҟа саара – ихамшҭыхəу хҭысуп

"Сара саб иаб дшыхəыҷыз дыԥсхьан, дигəалашəаӡомызт, санду Гьечԥҳан, Џьамила лыхьӡын (саб иан). Амҳаџьырра аамҭазы сабду иаб раԥхьа дхырҵəан Ҭырқəтəылаҟа, анаҩс Шьамтəылаҟа днанагеит, Кəнеитра ҳəа иахьашьҭаз аҭыԥ аҿы анхара далагеит. Уантə дук мырҵыкəа Ҭырқəтəылаҟа деиҭацеит, уаҳагьы Шьамтəылаҟа дзымхынҳəӡеит, Ҭырқəтəыла аррамаҵзура далахəын. Сабду ҩыџьа аԥацəеи ԥҳаки иман. Саб фҩык ахшара ҳиааӡеит, хҩы аԥацəеи, хҩы аԥҳацəеи", – ҳəа азгəеиҭеит Фаиқ Чычба.

Фаиқ Чычба: Аԥсныҟа саара – ихамшҭыхəу хҭысуп

Аамҭа убас еиԥш иҭанаргылеит, Фаиқ иашьцəеи иаҳəшьцəеи тəылак аҿы еицынхартə еиԥш аҭагылазаашьа рмоуит. Иашьеиҳаб Иорданиа дынхоит, Саудовтəи Аравиа инхогьы дыҟоуп, иаҳəшьцəа руаӡəк лҭаацəеи лареи Аԥсны инхоит, егьырҭ – Египет. Фаиқ ҳаиҿцəажəараҿы игəалаиршəаз ахҭысқəа рацəоуп, убарҭ ируакуп апоетесса Нелли Ҭарԥҳа Шьамтəыла инхоз ҳашьцəа данырҭааз аамҭагьы.

Фаиқ Чычба: Аԥсныҟа саара – ихамшҭыхəу хҭысуп

"Иахьеиԥш сыбла дыхгылоуп лара, закəытə гəырӷьара мшқəаз иҳамаз, Аԥсныҟа дҳацəцар ҳəа ҳшəон, ҳгəазхара дҳазбомызт, ҳгəазхара ҳазлацəажəомызт, урҭ амшқəеи аҵхқəеи закəытə гəырӷьароузеи иаҳзааргаз! Уи 80-тəи ашықəсқəа рзакəын. 1978 шықəсазы Аԥснытəи аҳəынҭқарратə ашəаҳəаратə, акəашаратə ансамбль Шьамтəылаҟа иаҳзаахьан, убасҟан ауп раԥхьа акəны Аԥснынтə аԥсуаа рыбла санҭаԥшы, ҳаԥсадгьыл аҟынтə иааргаз аԥсуа шьҭыбжьы ансаҳа", – ҳəа азгəеиҭеит Фаиқ Чычба.

Иара убас, Фаиқ Чычба дазгəыдууны исзеиҭеиҳəеит Аԥсны раԥхьатəи Ахада Владислав Арӡынбеи иареи реиԥылара атəы, уи зырҵабыргуаз иҭел ианыз авидеонҵамҭагьы аацəырганы исирбеит.

Фаиқ Чычба: Аԥсныҟа саара – ихамшҭыхəу хҭысуп

"1993 шықəса рашəарамзазы Аԥсны Аџьынџьтəылатə еибашьра анцоз аамҭазы Шьамтəылантə Аԥсныҟа ҳааит аинарал Исҳақ Баҭба, саб Шьариф, сара. Усҟан Шьамтəыла инхоз ҳдиаспора Аԥсны акала ҳацхраандаз ҳəа еидыркылаз аԥара ҳаманы ҳааит. Аԥара уманы аҳəаа ахысра зынӡагьы иҟалаӡомызт, иҳадырбалар жəашықəса еиҵаны иҳарҭомызт, ҳамаҭəақəа иргəылаҵəахны иаҳаулак иааҳгеит. Аибашьра анцоз аамҭазы, аамҭа ԥшааны ҳидикылеит Владислав Арӡынба, ҳаигəыдиҳəҳəалеит, дҳацəажəеит, ҳауишьҭуамызт", – игəалаашəарақəа сыцеиҩишеит Фаиқ Чычба.

Усҟан Фаиқ Чычба Аԥсны мызкы даанхеит, анаҩс х-ганктəи аҭынчтə еиқəшаҳаҭра аныҟала, Фаиқ деиҭацеит Шьамтəылаҟа, аха ақырҭқəа ражəа нарыгӡозма, аиқəшаҳҭра еиларгеит, мчыбжьык анаҩс ҩаԥхьа аибашьра хацдыркит.

"Сара саб Аԥсны иԥсы алан, ацара-аара шымариамызгьы лассы-лассы даауан, аԥсшəа цəгьа ибзианы иҳəон. Шьамтəыла ҳаныҟазгьы ҳара аԥсыуаҵасла акəын ҳҭаацəа ҳшырааӡоз. Абыржəгьы исгəалашəоит уатəи аԥсуа бысҭа агьама, иԥхаҵəы-ԥхаҵəуа иахылҵуаз ахылҩа-ԥсылҩа. Хымԥада, ҳажəлар аџьабаа ду рхыргеит. Аибашьра ауаа акыр иаԥсахуеит. 90-тəи ашықəсқəеи уажəтəи аамҭеи ирыбжьаку аамҭа сахəаԥшуазар, зҽеиҭазкыз акырӡа ирацəоуп. Аха, агəра згоит ҳаԥсуа жəлар агəаӷь ду зызҭоу шракəу, аӡə иҿаԥхьа рхы шыладмырҟəуа", – ҳәа игəҭахəыцрақəа ҳацеиҩишон Фаиқ Чычба.

ԥҧсуа шьа злоу, аԥсуаҵасла иааӡоу, зыхшыҩ ҵаулоу, здырра ҟəыӷоу Фаиқ Чычба иԥсадгьыл гəыла-ԥсыла бзиа ибоит, дахьцалакгьы ицуп аҭоурых иаҿахəҳəагоу, игəаларшəагоу асахьақəа, урҭ харгы ҳрыхəаԥшыртə еиԥш аҭагылазаашьа ҳаман.