Бассиль Уанаҿа: схәыҷаахыс Аԥсны аӡбахә ала сааӡан

© Foto / Сырма АшубаБассиль Ванача
Бассиль Ванача - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2012 шықәса рзы Шьамтәылантә зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иааз арԥыс Бассиль Уанаҿа иҭоурых ажурналист Сырма Ашәԥҳа ланҵамҭаҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Дранда аҳаблан ҳџьынџьуаа ахьынхо аҩнеихагыла изныкымкәа саҭаахьеит. Снеицыԥхьаӡа ԥхаррала схы-сгәы ҭәны сышьҭахьҟа схынҳәуеит. Аҩны саназааигәахо, сара истәӡоу, шьала-дала исзыҟоу сҭынхацәа сԥылошәа сзааиуеит. Убас еиԥш ихаҭәаан уажәтәи сымшгьы.

Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит - Sputnik Аҧсны
Елиф Аргәын: аԥсадгьыл ацәыӡра иадҳәалоу ахьаа атәымаџьара иаҳагьы иуныруеит

Аҩнеихагыла ашҭаҿы ахәыҷқәа аџьџьаҳәа ихәмаруан. Урҭ ирхылаԥшуаз, зысаби дызгәыдыҳәҳәала дызкыз аҭыԥҳа санылзааигәаха аԥсшәа наласҳәеит. "Ара шәынхома?" - ҳәа санлазҵаа, "ааи, сара сыԥшәма Ҭырқәтәылантәи иаақәаз дреиуоуп, д-Ашәбоуп", - лҳәеит. Азныказы исҳәара сҿамшәо сналыхәаԥшит, "ус анакәха ари ишәку асаби саҳәшьа хәыҷы лакәзаап" - сҳәан, длымхны днасгәыдсыҳәҳалеит. Исҭаххеит Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ҳәа иааз сашьа дызбарц, аха аҩны дыҟамызт, иԥшәмаԥҳәыс излалҳәаз ала аусура дыҟан. Иҭел аномер лымысхит, хымԥада ҳаиқәшәашт.

Аҩнеихагыла сныҩналеит, лифтла ажәбатәи аихагылаҿы снеит. Ашә снасып, аҩны исықәшәо аӡәыр дыҟазар сызусҭоу наҳәаны, сзызнеиз аус нап аласкып ҳәа ԥхьаӡаны, ус иагьыҟасҵеит. Иҟан ашә аԥхьа инхоз аԥшәма ихьӡи ижәлеи ахьаныз, иара убас Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба исахьа ахьадызгьы. Ус еиԥш раԥхьа сылаԥш ахьақәшәаз Риад Арҩҭаа иҩнашәаҿоуп. Риад Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, Шьамтәыла саныҟаз ҳаибадырхьан. Сгәы ааҭгәырӷьааит, иаразнак аҩнашә сасит, аха уаҩ дсықәымшәеит, ашьҭахь агәылацәа изласарҳәаз ала, аусурахь дыҟазаарын.

Анзор Арҩҭаа  - Sputnik Аҧсны
Арҩҭаа: Аԥсны - схәышҭаароуп, еинҭəыланы, ахақəиҭра аманы иҟазарц сҭахуп

Ҽынла, ишаԥу еиԥш, аус зуа рацәаҩуп, аха егьа ус акәзаргьы, аҩны исықәшәақәаз ыҟоуп. Анаҩс, аҩнашә сахьасыз ҷкәына қәыԥшк иааиртит, днаишьҭаххны иааизгьы иан лакәзаап. Шаҟа ҭоурых, шаҟа хҭыс еилыскаазеи уи арԥыс ҟәыӷа ибзоураны. Сызусҭаз, насгьы сыззааз анысҳәа, иаразнак аҩныҟа снарыԥхьеит, пату насықәҵаны снадыртәеит, ҳаибадыррагьы аҽарҭбааит. Сахьнеиз аҩнаҭа Уанаҿақәоуп, Шьамтәылантә иаақәаз ҳџьынџьуаа иреиуоуп. Зыӡбахә сымоу арԥыс Бассиль ихьӡуп, аурыс бызшәала аҷҷаҳәа дцәажәоит, аԥсышәала - еиҳа ихьысҳаны. Ус ҳаиҿцәажәарагьы хацҳаркит.

"Сара Аԥсныҟа сааит 2012 шықәса рзы, схала. Ашьҭахь ауп Шьамтәылантә ҳџьынџьуаа злахәыз раԥхьатәи агәыԥ анааз. Схәыҷаахыс,  Шьамтәыла саныҟаз  инаркны, Аԥсны аӡбахә ала сааӡан, избанзар сара сабду, сан лаб Шьариф Чычба аибашьра аԥхьагьы арахь даахьан, уи ашьҭахьгьы лассы-лассы иҭоурыхтә ԥсадгьыл даҭаауан. Дхынҳәны даннеилак ҳаԥсадгьыл иадҳәалаз ажәабжьқәа рацәаны иаҳзеиҭеиҳәон. Сабду Аԥсны ала иԥсы ҭан, гәыхәшәс имаз иаракәын", - дҳацәажәон акырӡа игәыкыз, зхы-зҿы ҳалалӡа иҟаз, насгьы гәыблыла исԥылаз арԥыс Бассиль Уанаҿа.

© Foto / Сырма АшубаБассиль Уанаҿеи ианшьа Фаиқ Чычбеи
Бассиль Уанаҿа: схәыҷаахыс Аԥсны аӡбахә ала сааӡан - Sputnik Аҧсны
Бассиль Уанаҿеи ианшьа Фаиқ Чычбеи

Бассиль Уанаҿа Аԥсныҟа данаауаз  22 шықәса ракәын ихыҵуаз. Иара исзеиҭеиҳәеит арахь иаара шыҟалаз ахҭысӷьы.

Еџье Џьаԥра, Агрба Аныл, Агрԥҳа Гәында - Sputnik Аҧсны
Еџье Џьаԥра: сара саԥсыуоуп, уи азы Ҳазшаз ҭабуп ҳәа иасҳәоит

"Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус зуаз Инар Гыцба Шьамтәыла днеины дыҟан. Аиԥыларақәа рҿы иазгәеиҭеит, Аԥсныҟа инеирц зҭаху арзаҳалқәа ҳҩырц. Раԥхьа арзаҳалқәа зҩыз сыруаӡәкуп, мызкы ааҵуаны еиԥш Аԥсныҟа саартә иҟалеит, уижьҭеи сыԥсадгьыл аҿы сынхоит.  Фымз рнаҩс арахь иааит сан Фадиа Чычԥҳа, сашьеиҵбы Сами Уанаҿа, шықәсык ааҵуанеиԥш саб Иссамгьы даҳзааит. Уижьҭеи ҭаацәала араҟа ҳаицынхоит", - иҳәеит Бассиль Уанаҿа.

Бассиль Уанаҿа Шьамтәыла акомпиутертә технологиа аганахьала иреиҳау аҵараиурҭа далгахьеит. Аԥсны дахьааиз изаанаҭ даԥшааит. Амобилтә еимадара "А-мобаил" аусбарҭаҿы аинформациатә технологиа аус адиулоит.

"Аԥсны санаа зегьы адгылара бзиа сырҭеит, арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы анапхгареи аусзуцәеи налаҵаны ҭабуп ҳәа расҳәоит. Иара убас, иахьа уажәраанӡа аус ахьызуа аҭыԥ аҿы акәзар, сҩызцәа еилкаарыла исызнеиуеит. Раԥхьа санаа аурысшәагьы, аԥсшәагьы сыздыруамызт, англыз бызшәа здыруаз сҩызцәа рыла сцәажәон, анаҩс хәыҷы-хәыҷла схала аурысшәа сҵеит, аԥсшәа цәгьамкәа еилыскаауеит. Абызшәа инаҷыданы гәыла-ԥсыла ауаа анузыҟоу узгәамҭарц залшом", - ҳәа азгәеиҭоит Бассиль Уанаҿа.

Бассиль Уанаҿа излаиҳәо ала, иабшьҭра Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа иҭыҵқәаз роуп, амҳаџьырра аамҭазы Ҭырқәтәылаҟа ихырҵәан, уантә Шьамтәылаҟа иагеит. Иара уа, 1967 шықәса рзы, Израили Шьамтәылеи аиӷара анрыбжьала, Голлантәи аҳаркырақәа рҟынтә Дамаскҟа илбаар акәхеит.

"Сан лан даԥсыуан, Џьурҭба лыжәлан, Адиба лыхьӡын, аԥсышәала цәгьа ибзианы дцәажәон. Санду лан Баҭԥҳан, Баҳиа лыхьӡын. Баҳиа лашьа Исҳақ Бақьыр Баҭба Шьамтәылатәи Ареспублика ар реинралс дыҟан, ҳазҭагылоу аамҭазы Иорданиа дынхоит, Аԥсныҟа даахьеит, аҳәынҭқарраҿы имҩаԥысуаз аофициалтә еиԥыларақәа еснагь ихы рылаирхәуан", - иҳәеит Бассиль Уанаҿа иеиҳабацәа дрызгәыдуны.

Ҭамер Ешба - Sputnik Аҧсны
Ҭамер Ешба: ҳахдырра аныҟала, ҳзыцәхьаҵуа аус ҳаԥхьа ишьҭалаӡом

Бассиль Уанаҿа иашьеиҵбы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет далгахьеит атуризм ахырхарҭала. Уажәы иаб дивагыланы аус иуеит. Дранда дара ахьынхо аҩны азааигәара иаартны ирымоуп адәқьан, Шьамтәыла иҟарцо ачыс хаақәеи афатәи ахьырҭиуа. Аҩны иҟоу аԥшәмаԥҳәыс, Бассиль иан, лҭаацәа лнапқәа рыкәыршаны илбоит, аԥҳәыс аҩны лыҟазаара аҭахуп ҳәа ԥхьаӡаны.

Бассильи сареи ҳаиҿцәажәараҟны иазгәеиҭеит, ианшьа Фаиқ Чычба Аԥсны дшынхо, уи иидыруа аҭоурыхтә хҭысқәа, Аԥсны иадҳәалоу ажәабжьқәа рацәаны ишыҟоу. Аҭел дизасит, аҩныҟа дааиԥхьеит, ҳаибаирдырит. Хымԥада, Фаиқ исзеиҭеиҳәаз акыр аинтерес зҵоу ахҭысқәа   анаҩстәи санҵамҭаҿы ишәзеиҭасҳәоит.

Бассиль Уанаҿа иԥсадгьыл аҿы дахьынхо акыр дазгәыдууп, изеиӷьаҳшьоит аманшәалара, аизҳара, аинҭәылара. 

Ажәабжьқәа зегьы
0