Згәы ҭбаау ашәаҳәаҩ: Анатоли Алҭеиба иҿцәажәара

Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵауа, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа диҿцәажәеит ашәаҳәаҩ Анатоли Алҭеиба.
Sputnik

- Анатоли, уара, сара исзааигәаӡоу сҩызцәа уреиуоуп. Ҳаизааигәазтәыз, қыҭак ҳахьеицатәу мацара акәӡам, уҟазареи, ууаҩреи роуп! Раԥхьаӡатәи уажәеинраалақәа еидызкыло ушәҟәы сара снапала еиқәсыршәеит, аԥхьажәагьы зҩит. Уиижьҭеи ашәҟәқәа иҵегь ҭужьхьеит, ашәа ссирқәагьы уҩхьеит. Ажәакала, сымышьҭа бзиаӡами?!

- Сара, аԥсыуалаҵәҟьа иуҳәозар, зхы здыруа среиуоуп. Убри аҟынтә, ажәеинраалақәа сыҩуан, аха урҭ рӡыргара иаԥсоуп ҳәа схәыцӡомызт, уара уакәмызҭгьы. Сажәеинраалақәа ануба, уааи, абарҭ шәҟәны иҭҳажьып ануҳәа, исгәалашәоит сара даара ишџьасшьаз, ишԥа уара, сара споетума ҳәагьы сышхәыцыз! Избан акәзар, сара сааӡан даҽакала, зажәеинраалақәа ҭзыжьуа, уи иҭышәынтәалахьоу поетзароуп ҳәагьы схәыцуан. Аха, уара агәра сургеит урҭ сажәеинраалақәа рҭыжьра ишаԥсаз, иагьҭуыжьит уи шәҟәны.

Ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз: Баграт Шьынқәба диижьҭеи 104 шықәса ҵит

Иахьеиԥш исгәалашәоит, споетхазшәаҵәҟьагьы сқәыԥшра схы аныснарбаз! Иугәалашәо, уи ашәҟәы аныҭҳажь, аӡыргара амҩаԥгарагьы шысҭаххаз?! Убраҟагьы усыдгылеит, апоетцәа бзиақәа ирацәаҩны ироуҳәеит, абаҩхатәра змоу ҷкәыноуп, уи ишәҟә хәыҷы аӡыргарахьгьы ааԥхьара шәымоуп ҳәа. Аха, исгәалашәоит Гунда Сақаниаԥҳаи, Гәында Кәыҵниаԥҳаи уареи шәыда, уаҳа шәҟәыҩҩы зхылаҳәаз аӡәгьы ихы саҭәашьан дшымнеиз! Аха, Баграт Шьынқәба дуӡӡа зыԥсаҭа бзиахаша, ихы саҭәашьан дахьнеиз, уи аӡыргара зхы агзырхаз апоетцәа зегьы усс исымкуа сҟанаҵеит! Иахьагьы ихааӡа сгәы иҭоуп уи сышәҟә хәҷы данахцәажәоз ииҳәаз ажәақәа. Симырҽхәаӡеит уи, - "поетк иаҳасабала ишьақәгылаз дреиуоуп ҳәа сызҳәом, аха иажәеинраалақәа сахьрыԥхьаз, ирыҵызбааит ижәлар рахь имоу абзиабара амца, уи абзиа ахь дкылнамгар ҟалом, ижәдыруазааит", - иҳәеит уи. Ари иеиҳау иарбаныз усҟан сара сзы Баграт дуӡӡа иҟынтә?!

Нас, уара иузымдыруазар ҟалап убраҟатәи даҽа хҭыск, аха ара имҳәакәа инсыжьыр сҭахым Баграт дуӡӡа иахьидҳәалоу азы. Ахәылԥаз анааилга, Баграт снаидгылан ус иасҳәеит: "Уасил-иԥа, аамҭа шәымазар, исҭахын ахәылԥаз иазку абанкетгьы шәхы алашәырхәыр", - ҳәа. Иара ашырҳәа ибзиоуп иҳәеит. Нас, ак уасҳәашан, абанкет аҿы абри аҳәылԥаз иалахәыз мацара роума иҟало, мамзаргьы иааԥхьақәоу даҽа џьоукгьы ыҟоу?! - ҳәа дсазҵааит иара. - Ааи, абра иалахәыз мацара роуп иҟало, - сҳәеит сара. - Ус анакәха, убри абанкет аҿгьы ҭалбошьк иаҳасабала амҩаԥгарагьы снапы ианызааит! - ҳәа дыччо, ихы аасыдикылан, - аҳәса хәыҷқәагьы маҷк иаасырччап!- ҳәагьы нациҵеит. Ус ахьиҳәаз сара адунеи азна сеигәырӷьеит, абас еиԥш ихы сара сҟынӡа иааганы дахьлафыз, уаҩ изымҳәо, сгәы ахаара иқәнаҵаз иахьагьы исхашҭӡом!

Ишымҩаԥигаз, уи уара иугәалашәоит ҳәарада, иԥсаҭа бзиахааит, амала видеонҵамҭақәак ахьыҟасымҵаз иахьагьы аҵааԥсеиҧш сгәы иалоуп. Узҵаара ахыркәшамҭазы исҳәарц исҭаху, абарҭ зегьы, исзымҳәакәазгьы, исцәыбжьахазгьы, анаҩсантәи споезиатә еизҳарақәагьы, зегьы зыбзоуроу уара уоуп. Ус анакәха, ҳәарада уара ууаҩ бзиоуп, умышьҭагьы бзиамхашьа амаӡам.

- Сара ибзианы исгәалашәоит, уара ашәаҳәара уалагаанӡагьы раԥхьа асахьаҭыхра ауп узлагаз. Нас ажәеинраалақәа рыҩра, урҭ рнаҩыс ашәаҳәара, уи "умҩа кны" иаман, уи аҟазарҿ уагьаангылеит...

- Аҟазарақәа зегьы бзиа избоит. Ихадароу, ахьӡ-аԥша згандаз ҳәа акагьы саҿӡам. Апоезиа, апроза, аскульптура, аҿыханҵа, абжьы арежиссура, акомпозиторра, ашәаҳәара зегьы рҿы сыҽԥысшәахьеит, зегьы сырҿуп уҳәар ауеит иахьагьы. Амала усазҵаауазар, узусҭада гәыла-ԥсыла ҳәа, - ссахьаҭыхҩуп, сҳәоит. Избан акәзар, уи даара исзааигәаны избоит.

Згәы ҭбаау ашәаҳәаҩ: Анатоли Алҭеиба иҿцәажәара

- Анатоли, уара аибашьра ианалага шәансамбль уаланы Ҭырқәтәыла шәыҟан, уи ахлымӡаах ажәабжь аншәаҳа, уи нахыс имҩаԥыжәгаз шәконцертқәеи, арахь Аԥсныҟа ишәаашьахази ҳзеиҭоуҳәар ҳҭахын даҽазныкгьы.

- ТОМ и Ф.  - абас ахьӡын усҟан аус здысулоз, Ҭырқәтәылаҟа инарыԥхьаз ҳансамбль. Иаанагозгьы, ҳахьӡқәа рахьтә аԥхьатәи анбанқәа ракәын. Т-олик, О-дик, М-изан, Ф-аина. Тырқәтәыла аԥхьатәи аконцерт Инегиоль ақалақь аҿы ҳшаҿыз ауп, ари аибашьра атәы шҳаҳазгьы. Ҳконцертқәагьы уа иааҿахаҵәеит. Жәохәҟа мшы ҳуалыуашо Ҭырқәтәыла ҳалан. Нас ҩынҩежәи хәҩык рҟынӡа Тырқәтәылантәи аԥсуаа Аԥсныҟа еибашьра амҩа иқәлаз ҳрыцны ҳаагәышьеит. Ари иааркьаҿны иуасҳәеит. Инарҭбааны, уи даара аамҭа зҭаху цәажәароуп.

- Уара шәаҳәаҩык иаҳасабала уцәырҵра иаршанхеит зегьы! Избанзар, аибашьра аԥхьа ашәақәа маҷымкәа ишаԥуҵозгьы, ишынаугӡозгьы, аԥсуаа рҿы ишырҳәо еиԥш, ухьӡи ужәлеи еидкылан, инарҭбаан ирҳәо ианалага, аибашьраан иаԥуҵаз уашәа бзиақәа рышьҭахь ауп. Иуҳәар ҟалоит, урҭ ажәлар рыбзиабара узааргеит ҳәа!

Алҭеиба: аибашьраан иакәым ҟазҵоз архәыцып ҳәа алаф ашәақәа аԥысҵон

- Сара аҟазара хкқәа зегьы срыдызгалаз аамҭа ауп. Аибашьра ҟалаанӡа аестрадатә ашәақәа аԥысҵозҭгьы, аибашьраан стильла "абард" ҳәа изышьҭоу ажанр ахь сианагеит. Уи сара исҭахханы, ма бзиа избаны акәӡам. Аибашьра цон, агитара акәхеит сҩыза. Уи гәазҭаз, усҟантәи Аԥсны аибашьратә цәаҳәақәа руак ахырӷәӷәарҭа аиҳабы И. Џьонуа дҵаны исиҭеит, аибашьцәа ргәыԥқәа зегьы рҿы сымҩахыҵны, мышкы-ҩымш снарылатәаны, абарҭ сашәақәа рзысҳәаларц, исылшо ала ргәалаҟазаара шьҭысхларц. Уи сагьалагеит, аибашьра ахԥатәи амзқәа рзы, сшаҿызгьы, аибашьцәа срыцны Аҟәа сҭалеит.

- Анатоли, уара абри адунеиаҿ иҳалалаз аҿкы бааԥс цәырҵаанӡа, "укырҭа рибамҭо" ҳчара дуқәа рахь шәаҳәара ургон, рчарақәа рзымҩаԥугон. Уаҟа уара ашәаҳәара мацара акәым, атамадагьы дыԥсыҽзар ироль "имухуан!" Уи уара даара иуқәҿиоит, аԥсуа чара аԥсуа-цәа ахаҵаны имҩаԥугоит. Шаҟаҩы ирҳәо саҳахьоузеи, иахьа Анатоли ачара мҩаԥигозар, чара ԥшӡахоит ҳәа. Аха асценагь угәхьаанагоитеи, аҳәынҭқарра имҩаԥнаго аконцертқәагьы урылахәзар рҭахуп уара бзиа узбо узыӡрҩцәа!

- Ара исыуҭаз азҵаара хԥаны исшандаз сгәахәуеит аамҭа ҳазхар. Актәи, ииашоуп, ачарақәа рахь исыԥхьон акоронавирус мцацәа цәырҵаанӡа. Еиҳарак изсыԥхьоз, сашәаҳәара мацара азы акәӡамызт, аԥсуала иахьымҩаԥызгоз акәын. Сара исымоуп иахьагьы убри аҩыза адевиз: "Аԥсуа чара аԥсуала амҩаҧгара." Иахьа аамҭа цәгьа ҳашҭагылоугьы, иуарлашәарлазаргьы, снарыԥхьалоит ачарақәа рахь. Егьи, иҩбахаз, атамадарақәа бзиа избо ргәы иалымсааит, аха ицеит уи амода, ачараҿы ауаа атамада ианизыӡырҩуаз. Насгьы, хә-ҵәыцак рышьҭахь атамада иажәа еиҵыхра дызлаго, ауаа ԥшьынҩеижәи зеижә процент рхы рыхнахуеит, уи иара изгәаҭаӡом! Убри аҟынтә, атамада дыԥсыҽыз, дыԥсыҽмыз, сара иахәҭоуп ҳәа исыԥхьаӡо ҟасҵоит, аԥсуала сышхәыцуа агәра ганы. Егьи, ихԥахаз, асценақәа ртәы… Ара убас сҳәар сҭахуп, ицеит аамҭа, асцена иаҭаху асценаҿы данцәырыргоз. Хаҭала сара сгәаанагарала, крааҵуеит, асценаҿы ацәыргара зыхәҭоу дарбану еилызкаауа, культуратә маҵзурак аҿы дахадмыргылеижьҭеи. Ас иҟанаҵы, асценаҿы ижәбалоит "Ҟабардаа рыҽқәа жәлала идырыҩуан" ҳәа, асценаҿгьы жәлалеи уала-ҭахылеи иеибарыҩуа ашәаҳәаҩцәа.

- Сҩыза бзиа, уара маҷк игәианны акәзаргьы, аҭаацәа ссир аԥуҵеит! Ҩыџьа амаалықьцәа урабуп, урҭ ран ԥшӡа зынӡа дқәыԥшуп, уара дуԥҳаушәа, ашьабсҭеиԥш ауп дышувагылоу! Аха зегь акоуп, уара ушьхауаҩыми, Ҷлоу ақыҭа уалымҵи, дара шыцәоу шәарах жьылеи, калмаҳалеи иурчоит... Сара схаҭагьы шаҟантә сақәшәахьоузеи аҭамҳа еиҿажьны шәантәо уҩны. Уи имаҷымкәа аамҭагьы уцәагоит, аха шьҭа уара иуԥсҭазаарахеит. Анцәа иџьшьаны, уаб иҩнгьы умырӡит, уахьгьы уахьӡоит!

- Даара ирԥшӡаны усыхцәажәеит, зҭамҳа еиҿажьу сара! Ашәарыцара бзиа избоит, аха ашәарах оумак саманшәалам. Аԥсаатә самхарыцҳашьоит, иагьа ишәарыцаразаргьы. Аха аԥсыӡкра мап сзацәкуам. Аамҭа маҷымкәа ианақәсырӡуа ыҟазаргьы, сахьхәӡом. Избан акәзар, иахьа абри аҟара ауаҩы дзыниар алшо агәыԥжәарақәа зегьы, иара инасхнарԥсаауеит. Уи азы мацара адагьы, ҩныҵҟала исоуа адоуҳатә беиара иацназго ыҟаӡам. Аҩны сҭаацәа зегьы бзиа ирбоит, ирфоит, сыҷкәын, ҩышықәса зхыҵуаҵәҟьагьы, деилаҳаны ауп ишифо.

Згәы ҭбаау ашәаҳәаҩ: Анатоли Алҭеиба иҿцәажәара

- Анатоли, уареи сареи акгьы еицәаҳӡаӡом, акырынтәгьы иуасҳәахьеит, иахьа "ашәаԥҵаҩцәа" рацәаҩхеит, унаԥшны-уааԥшаанӡа акака аԥырҵоитт. Аха урҭ аԥсуа дгьыл иқәгылаӡам, ршьапы акӡом, иаразнак ииаанӡа иԥсуеит... Ажәақәа уаҳаӡом, еилаҟәаҟәоуп, амузыкагьы абжа дара ирхәыцуеит, абжа "тәымааӡароуп"! Абри аус аӷәра аҿактәӡами, ажәлар ирзааигәоу, ажәлар иртәу еиҳа амҩа аҭаразы?

- Ари азҵаара зынӡагьы алацәажәара сҭахӡам. Избан акәзар, "нанду шә-цуҭак лхьаан, лара аӡәгьы усс дикӡамызт" ҳәа, исымҳәац акагь ыҟам, аха иахьалнадоугьы ыҟам. Аестрада иахьа, иуҭахы-иуҭахым, лассы-ласс хәыҷгьы дугьы рлымҳа иҭасуа акы ауп. Аклассикеи, егьырҭ зыҩаӡара ҳаракқәоу аҟазарақәеи лассы-лассы ауаа азыӡырҩӡом. Ауаҩы, иҭахы-иҭахым имбаӡакәа дзааӡо арбану, лассы-лассы илымҳа иҭасуа акәу, мызк ахьтә знык мчыла идугало акәу?! Лассы-ласс илымҳа иҭасуа ауп, ҳәарада. Ус анакәха, уи лассы иаҳауа нап адкылатәуп, аиаша мҩа иқәҵатәуп, ажәлар ирзааигәахо, аԥсуа цәа ахыло иҟаҵатәуп, ииашан ужәлар, уҿар уааӡарц уҭахызар. Аха ҳара, аҩныргылара, ахыб аҟынтәи ауп ҳшалаго. Уи азоуп, макьанагьы ҩныда-гәарада ҳазгәароу. Иаауҳәо зегь иашоуп Анатоли, суқәшаҭаҳуп, аха уи аганахьала макьана ак ариашара иашьҭоу ҳәа аӡәгьы дсықәымшәац, сара акагь снапы ианым.

Згәы ҭбаау ашәаҳәаҩ: Анатоли Алҭеиба иҿцәажәара

- Сара издыруеит, уара уусқәа зегьы уҽырхаршәаланы, ишазыҟоуҵо ашәа зҳәо аҿар… Уара унапала иургылеит ууадақәа рҿаԥхьа астудиа ссир, сара схаҭа уа снеины ашәақәа акыр сырзыӡҩрхьеит. Угәы ишԥаанаго, иахьатәи ҳмузыка иамоума уаҵәтәи амш?! Уара умҩа иқәлару "ужәҵарақәа" Соулаҳи, Саломееи?!

- Исыргылаз астудиагьы уиаҟара сгәы азҭам, ҳҭагылазаашьақәа ҭакԥхықәран издуи, урҭ аҟазара ишазыҟоуи ирыхҟьаны. Егьырахь, ҳмузыка иамоу иамаму уаҵәтәи аԥеиԥш ҳәа иуҳәаз, аҭак абас иҟасҵоит. Аԥсуа естрадатә музыка ахыҵхра ианалагаз ааигәоуп: В. Маан "Шьышь нани" анылҳәаз, А. Аҩӡба "Ауардын" аниҳәаз, А. Қриа, "Аԥсны-67", ажәакала 60- тәи ашықәсқәа рзы. Нас иоумаха, аԥсуа-цәа рхьыкәкәа иаацәырҵит акомпозиторцәа Заур Зыхәба, Оҭар Хәынҵариа зҳәаз иеиԥш, аԥсуала аестрада арцәажәара иалагаз аҷкәынцәа. Аха, хара имнеикәа, иаацәырҵит аибашьра мцацәагьы. Уи акәхеит, аибашьра ашьҭахь аԥсуа естрада дәықәлеит харабӷьара, дҟамлеит хык азҭоз. Уи ргәы канажьит ашәаԥҵаҩцәа аиҳабацәа. Дҟалеит иказыжьыз, дҟалеит зыԥсҭазаара иалҵыз. Абас ҳшааиуаз, ҳаахықәгылеит ахықә. Сара наҟ хшьырамзар акагь збаӡом, агха сыхьуа Анцәа иҟаиҵааит аха… Убри азы, иаҭахуп ҳашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа асцена иқәлаанӡа, дара раҵкыс аԥышәа змоу шьоукы рашәақәа ддырбалар, ргәаанагара иазҵаалар…

"Уа бзиала шәаабеит!" – Лиудмила Гәымԥҳа лысценатә ԥсҭазаареи лыгәҭыхақәеи

- Анатоли, ҳаицәажәара ахыркәшамҭаз, ирцәумӡар ҳҭахуп уара урҿиара даара бзиа избо узыӡырҩцәа иарбан ашәа ҿыцу ирзрыхианы иумоу. Иахьатәи ҳаицәажәараҿы уи ашәаны иуҳәартә ҳформат алшара ҳнамҭозаргьы, ажәақәа ма ԥыҭк ҳарҳа. Баграт ду имҳәахьеи "ажәеи ашәеи еилаӡароуп!" ҳәа. Нас ҳаргьы еилаҳагӡап, иааибыртә иҟаҳҵап урҭ абра!

- Иҟоуп амч, иҟаӡам аиаша!!!

Аиашоуп иҟоу зҳәо, ирҳәогьы мцуп!

Ҳаиҳа зымчу илыԥха зымҳәацда!?

Сцон шьҭахьҟа аԥсҭазаара хынҳәуазҭгьы,

Слахьынҵа, снапала исшауазҭгьы.

Схынҳәуан, аиаша амч аиоур.

Схынҳәуан, агәыцқьара иазҳар.

Схынҳәуан, ахшыҩ амал иаиааир.

Ианаму, мап, смиӡаргьы салаӡоит, сҳәон…

Арҭ ацәаҳәақәа зны-зынла иаасызцәырҵуа сажәеинраалақәа роуп, урҭ агәкажьра анрыҵоугьы ыҟоуп, аха абжеиҳан, урҭ сгәырҩа хәыҷқәа ириааиуеит, убарҭ иаиааиқәо роуп сашәақәа злыҵуагьы... Урҭ амҵәыжәҩақәа змоу ажәеинраалақәа ҳәа срышьҭоуп!