Нанҳәа 1 аахыс 230 000-ҩык рҟынӡа Аԥсни Уорыстәылеи рҳәаа иахысхьеит

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа уахыки-ҽнаки рыла наҟ-ааҟ 7 нызқь рҟынӡа транспорттә хархәагеи 40 000-ҩык ахатәхаҿқәеи ахысуеит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа10 – Sputnik. Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара нанҳәа 1 азы аҳәаа аадыртызар аахыс 230 нызқьҩык аҳәаа иахысит ҳәа аанацҳауеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.

Иазгәаҭоуп аԥсшьарамшқәа раан аҳәаа уахыки-ҽнаки рыла наҟ-ааҟ 15 нызқь рҟынӡа транспорттә хархәагеи 80 000-ҩык ахатәхаҿқәеи ахысит ҳәа.

Нанҳәа 1 инаркны аҳазалхратә хылаԥшра рызууп 50 000 транспорттә хархәага.

Урҭ рҟынтәи:

  • 45 000 автомашьына ласы,
  • 1 700 еидарамҩангага,
  • 1 600 автобус.

Наҟ-ааҟ аус руеит 23 цәаҳәа, арезервтә цәаҳәагьы налаҵаны. Убри аан еизҳауеит апассаџьырцәеи атранспорти рхыԥхьаӡара.

Аҳазалхра аушьҭырҭатә ҭыԥқәа рҟынтәи аҳәаахь иадыԥхьалоуп амаҵзуратә хаҿқәа аштаттә ак аизырҳаразы.