Семион Пегов дахьыҟоу еилкаахеит

Ажурналист Семион Пегов Минск, нанҳәа 9 рзтәи аилаҩеиласрақәа раан дшаанкылаз атәы рылаирҵәеит "Комсомольская правда" акорреспондент Александр Коц.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. RT акорреспондент Константин Придыбаило еиликааит Семион Пегов азинеилагаҩцәа ахьҭаркуа Ацентр аҿы дыҟоу.

Арратә корреспондент Александр Коц уаанӡа Telegram-канал ала идирбахьан Пегов дшааныркылоз акадырқәа.

Белоруссиатәи амчрақәа рахь ааԥхьара ҟалҵеит RT, МИА "Россия сегодня" рредактор хада Маргарита Симониан. Лара Белоруссиа аиҳабыреи ҷыдала Александр Лукашенкои рахь ааԥхьара ҟалҵеит Семион Пегов дызлоу иаанкылоу ажурналистцәа рхы иақәиҭыртәырц.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: