Белоруссиа ахада иалхра: ихадоу

© Sputnik / Viktor Tolochko / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчастники акции протеста на одной из улиц в Минске
Участники акции протеста на одной из улиц в Минске - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Белоруссиа амҽышаҽны алхрақәа мҩаԥысит. Заанаҵтәи адыррақәа рыла аԥхьагылара имоуп Александр Лукашенко 80,23% бжьы иманы.

АҞӘА, нанҳәа 10 - Sputnik. Белоруссиа ахада иалхрақәа мҩаԥысит нанҳәа 9 рзы. Ахадарахь ркандидатурақәа ықәгылан: Александр Лукашенко, Светлана Тихановскаиа, Андреи Дмитриев, Анна Канопацкаиа, Сергеи Черечень.

Александр Лукашенко. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Белоруссиа АКХ: Александр Лукашенко 80,23% иманы аԥхьа дгылоуп

Атәылаҿ еиҿкаан 5767 алхырҭатә ҭыԥ. Урҭ рҟынтәи 44 – аҳәаанырцә, 36 тәыла рҿы.

Амҽыша асааҭ 12:53 рзы 50% алхыҩцәа рыбжьы рҭихьан. Ахәылбыҽха Белоруссиа АКХ адырра ҟанаҵеит алхырҭатә ҭыԥқәак рҿы абиуллитеньқәа азымхеит ҳәа.

"Иҟоуп алхырҭатә ҭыԥқәа абиуллитеньқәа ҳзымхеит ҳәа адырра ҳазҭаз. Асеиԥш ауаа рацәахап ҳәа ҳаҟамызт. Убри азы ҭыԥк аҟынтәи аҽа ҭыԥк ахь ихаҳарҭәаауеит", - лҳәоит атәыла АКХ ахантәаҩы Лидиа Ермошина.

Еxit poll адыррақәа еилкаан асааҭ 20:06 рзы. Уи инақәыршәаны Лукашенко 79,7% абжьы иоуит, Тихановскаиа - 6,8%, Канопацкаиа - 2,3%, Дмитриев -1,1%, Черечень - 0,9%. Зегьы ирҿагыланы рыбжьы рҭиит 9,2%.

Асааҭ 20:19 рзы АКХ иакьыԥхьит раԥхьатәи адыррақәа.

АКХ ахантәаҩы Лидиа Ермошина лажәақәа рыла Лукашенко хә-регионк рҿы аԥхьагылара имоуп, иара изы рыбжьы рҭиит 82 процент алхыҩцәа. Тихановскаиа - 5 процентк.

Ермошина ааԥхьара ҟалҵеит ауаа аҭынчра аадырԥшырц. Лара адгылара алҭом Минск, ҭыԥқәак рҿы абжьыҭара аамҭа иахьацырҵаз.

Ашәахьа, асааҭ 09:00 рзы Ермошина алаҳәара ҟалҵеит Александр Лукашенко, заанаҵтәи адыррақәа рыла 80,23% бжьы иоуит ҳәа.

Алхырҭатә ҭыԥқәа шадыркызҵәҟьа, асааҭ 20:00 рзы Минск ауаа аизара иалагеит.

Аҿагыларақәа

Амҽыша ауха зиншьаҭада аҿагыларатә акциақәа ирылагеит Белоруссиа ақалақьқәак рҿы.

Асааҭ 22:00 рзы аҿагылара ҟазҵози азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәеи еиҿанагалеит. Минск агәҭа абаррикадақәа ргылан.

Амилициа рхы иадырхәеит аӡыршәгақәа, агаз. Иҟоуп ааха зауны ахәышәтәырҭахь инанагаз.

Минск агәҭа еизаз иаанкылоу ауаа амилициаа ирыцрырҟьарц рҽазыршәеит.

Убри аан Белоруссиа ААР аинтернет аҿы ирыладырҵәеит ииашам адыррақәа рацәоуп ҳәа.

"Ирацәоуп аинтернет аҿы иԥаршеиу адыррақәа", - аанацҳауеит апресс-маҵзура.

Минск амҽыша ауха аидысларақәа аҭыԥ рыман. Ахәышәтәырҭақәа рахь ауаа наган, ирыԥхьан ареаниматологцәеи атравматологцәеи рыбригадақәа.

Азинхьчаҩцәа ишырҳәо ала Минск ақалақь аҿы аӡәы дҭахеит.

Убри аан Аҩныҵҟатәәи аусқәа рминистрреи Агәабзиарахьчара аминистрреи рҟынтәи усеиԥш дырра ыҟам.

Белоруссиа Ашьаусҭҵааратә еилакы аҿы аҳәамҭа ҟарҵеит азинеиҿкаара аилагаҩцәа рганахь ала ашьаусҭҵаарақәа шымҩаԥгоу.

Аҿагыларатә акциақәа реиҿкааҩцәеи рлахәылацәеи 8 - 15 шықәса аҭакра рықәшәар ҟалоит.

АИХ рдыррақәа рыла Минск 100-ҩык инарзынаԥшуа иаанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0