Ачашәара аамҭа: нанҳәа 15 инаркны ашәарыцара азин ҟалоит

Аԥсны азин ыҟам Ашәҟәы ҟаԥшь иану аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рзышәарыцара. Арахь иаҵанакуеит адәԥыҭҳәа, абнацгәы, аҵларкәыкә, ишәаҳәо аҵарақәа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 12 – Sputnik. Аԥсны официалла нанҳәа 15 рзы ашәарыцаратә сезон аадыртуеит ҳәа Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы иҳәеит Аԥсны ашәарыцацәеи аԥсыӡкыҩцәеи реилазаара ахантәаҩы Ҳаџьараҭ Кәыҵниа.

Шәарыцара идәықәлаз ауаҩы

"Ашәарыцаҩцәа ирыдысныҳәалоит ари ахҭыс. Агыгшәыг рышьҭашәарыцара макьаназ иаартым. Жьҭаара 1 инаркны акәхоит. Уажәазы изеишәарыцо ачақәа ракәхоит. Ашәарыцараан ачақәа ҩеижәа иреиҳамзароуп ҽнакала иушьуа", - ҳәа иҳәоит иара.

Ашәарыцаратә сезон 2021 шықәса хәажәкыра 15 рҟынӡа иаартуп. Жьҭаара 1 инаркны агыгшәыг, аԥстәқәа рзышәарыцара алшоит.

Аԥсны рышьра ҟалоит: абӷаџьма, ақәасаб, абынҳәа, амшә, абга, абгалаџ. Азин ыҟам Ашәҟәы ҟаԥшь иану рышьра. Арахь иаҵанакуеит адәԥыҭҳәа, абнацгәы, аҵларкәыкә, ишәаҳәо аҵарақәа. Иара убасгьы ашәарыцара ҟалом аҳәырԥсаррақәа, амилаҭтә паркқәа, ааглыхратә зонақәа рҟны, ақалақьқәа рыкәша-мыкәша.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: