Аекспертцәа: Аԥсныҟа абилеҭқәа рыхә иацлеит

Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аатит нанҳәа 1 азы. Нанҳәа 10 рзы аҳәаа иахысхьан 230 нызқьҩык ауаа.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. Ашықәс аҩныҵҟа Аԥсныҟа абилеҭқәа рыхәԥса иубартә ишьҭыҵит ҳәа азгәарҭоит онлаин-сервис Туту.ру аекспертцәа.

Абилеҭ Москва-Аҟәа ахәԥса ашықәс аҩныҵҟа 16% рыла иазҳаит – хә-нызқь мааҭ рҟынӡа иаԥсахеит, Ростов-на-Дону аҟынтәи Аҟәанӡа - 35% ихалеит, 2,5 нызқь мааҭ иаԥсахеит.

Адлерынтәи Аҟәанӡа аара 18% рыла ишьҭыҵны 840 мааҭ артәеит. Акурорт Гагранӡа ааразы Санкт-Петербургтәи абилеҭ - 29% ацлеит, Воронежтәи - 79%, Шәачантә - 62%. Ареис Шәача-Аҟәа ахә 12% ацлан иартәеит 886 мааҭ.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара апандемиа иахырҟьаны адәыӷбатә еимадара еиԥҟьан. Иара еиҭахацыркхеит нанҳәа 7 рзы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: