АҞӘА, нанҳәа 11 - Sputnik. Заанаҵтәи аҿаҵаратә маҵзура асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыбжьара азҵаарақәа мҩаԥганы ишьақәнаргылеит атуристцәа Аԥсны ԥсшьараҭыԥс изалырхуазы ареитинг.
71,96% процент Аԥсны иаднаԥхьалоит амшын ацқьареи аԥсабара аԥшӡареи.
- Ашә, абысҭа, нас арҵәы
Амилаҭтә чыс, аҩныҟаҵара ҩы аҩбатәи аҭыԥ аанкыло ишьақәнаргылоит 9,76 % респондент ргәаанагара.
- Аԥсуа чыс агьама: ачаҩыри аҭубари рыҟаҵашьа
Ахԥатәи аҭыԥ аҿы игылоуп аԥсшьараз хәыԥсалаҟәыла анхарҭаҭыԥқәа рыԥшаара.
4,27% рзы зегь раасҭа аинтерес зҵоу ракәны иҟоуп аныҟәарақәа. Аԥсуаа рысасдкылашьаз арахь иаауа иреиуоуп 3,05% атуристцәа.
- "Угәарҭыԥ азҳааит!": арахәааӡара, асасдкылара, ашәарыцара ирыдҳәалоу аԥсшәаҳәашьа
Аԥсуа кәашарақәеи аиашахаҵаратә уахәамақәеи рзы Аԥсныҟа амҩа иқәлаз рхыԥхьаӡара 2,44% инаӡоит.
Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа ԥшьымз раԥхьа иадыркит. Нанҳәа 1 азы аурыс-аԥсуа ҳәаа аартын атәылақәа рыҩба рнапхгара реицәажәарала.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аҳаҳаи, амарџьақәа, шәеиҵамхан: аԥсуа кәашара иаци иахьеи
-
Аԥсуа џьынџьыхәа - даара ихаау аџьашьахәы