"Атанк ала абиатлон": Аԥснытәи акоманда Арратә хәмаррақәа ирылахәхоит

Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа - 2020 мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 23 инаркны цәыббра 5 рҟынӡа, Урыстәыла. Ахәмаррақәа ирылахәхоит 250 команда.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 13 - Sputnik. Аԥснытәи акомандеи Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәеи Москваҟа амҩа иқәлеит VI Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа - 2020 ирылахәхарц ҳәа аанацҳауеит аминистрра апресс-маҵзура.

Аԥсны арранаԥхьара аплан анагӡара уадаҩхеит

Аԥсны атәылахьчара аминистрра акоманда рылахәхоит: "Атанк ала абиатлон", "Абџьарҟаҵаҩ ҟаза", "Адәнытә еишәачара", иара убасгьы  амилаҭтә культурақәа рфестиваль "Иҳәаадоу аиҩызара" аҿы ҳтәыла ахьӡала иқәгылоит.

Аԥснытәи акомандеи Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәеи Москваҟа амҩа иқәлеит аеропорт "Аҟәа" аҟынтәи. Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, акоманда наскьаго иазгәеиҭеит аԥсуа аруаа Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа рылахәра аҵакы шамоу.

"Ҳшәықәгәыӷуеит ҳтәыла арбџьар мчқәа Жәларбжьаратәи ахәмаррақәа рҿы ишахәҭоу ахьӡ ҭыжәгап ҳәа!" - иҳәеит иара.

Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа - 2020 мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 23 инаркны цәыббра 5 рҟынӡа, Москватәи аобласт, ацәыргақәҵатә центр "Патриот" аҿы. Ахәмаррақәа ирылахәхоит 250 команда.

Хәышықәса рыҩныҵҟала ахәмаррақәа рыҽрыладырхәит 40 тәыла рҟынтәи 20 000-ҩык аррамаҵзурауаа. Сынтәа Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара аминистрра арратә хәмаррақәа рахь иаанаԥхьеит 90 тәыла, НАТО иалоу атәылақәагьы налаҵан.