Аԥсны иазгәарҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеижьҭеи 28 шықәса аҵра

Нанҳәа 14, 1992 шықәса рзы аихамҩа ахьчара ҿарԥас иҟаҵаны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь иҭалеит. Аибашьра цон 413 уахи-ҽни.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны иазгәарҭеит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра алагеижьҭеи 28 шықәса аҵра.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа заԥхьа дгылаз атәыла анапхгара Аҟәа ақалақь Ахьӡ-аԥша амемориали Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡыинба имемориали рҿи ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Абри амш азы Аԥсныҟа иааиит хатәгәаԥхарала еибашьуаз Нхыҵ кавказтәи ҳашьцәа.

Ҟабардатәи Александр Сохроков Гена Карданов игәыԥ даланы деибашьуан.

"Аибашьар аламҭалаз схатәы каҳуажәырҭа аасыртит. Сусқәа маншәаланы ицон. Аибашьра шыҟалаз ансаҳа сҭаацәа "ԥсшьара ҳәа жәамшҟа амшын ахь сцоит" ҳәа раҳәаны Аԥсныҟа сҩызцәеи сареи амҩа ҳақәлеит. Сара иреиҳау хьааны исзыҟан сҩызцәа рҭахара, скомандир – Карданов Гена иҭахара", - игәалаиршәоит Сохроков.

Иара есышықәса иҩызцәа дрыцны зых иақәиҭитәуаз Аԥсны даҭаауеит нанҳәа 14, цәыббра 30 рзы.

"Иаанханы иҟоу, ҳазцеибашьуази ҳареи ҳаибабарц арахь ҳаауеит", - иҳәоит Александр Сохроков.

Алла Адлеиаԥҳа лзы аибашьра ӷьара зқәым хьаауп. Аибашьра далаӡит лԥа.

"Сԥа, Даур Бигәаа аԥхьатәи амш инаркны абџьар икын. Гәылрыԥшь араион аҿы аӷа диԥылеит. Дыҭҟәан, нас аиҭныԥсахлара даҵанакит. Аҭара ақыҭан дҭахеит. Аибашьра сара схьаауп", - лҳәоит лара.

Нанҳәа 14, 1992 шықәса рзы аихамҩа ахьчара ҿарԥас иҟаҵаны Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырахь иҭалеит. Аибашьра цон 413 уахи-ҽни. Ихыркәшахеит Аԥсны ахақәиҭтәрала, цәыббрамза 30, 1993 шықәсазы.