Аԥсуа боксиорцәа злахәыз атурнир Шәачантәи Казанҟа ииаргеит акоронавирус иахырҟьаны

Абокс азы ашоу "Столото. Вечер бокса WBC" мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 22 рзы Казантәи акультура-гәмырҿыӷьратә комплекс "Пирамида" аҿы.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik. Нанҳәа 15 рзы имҩаԥысраны иҟаз, аԥсуа боксиорцәа злахәыз атурнир Шәачантәи Казанҟа ииаргеит  акоронавирустә ҭагылазаашьа иахырҟьаны ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит абоксиор Баҭал Чежьиа.

Баҭал Чежьиа WBC аверсиала адунеи ачемпион ититул азы деисраны дыҟоуп

"Шәача авирус иахырҟьаны азин ҟарымҵеит атурнир мҩаԥаагарц. Ахәаԥшыҩцәа аламырхәыкәагьы ирымуит. Казангьы ақәгыларақәа ахәаԥшыҩцәа рыда имҩаԥгахоит. Арыцхә рыԥсахит аҭыԥ ахьыԥсаххаз азы", - ҳәа иҳәеит иара.

Атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәгылар акәын аԥснытәи аспортсменцәа ҩыџьа – Баҭал Чежьиеи Харитон Агрбеи.

Ҳаспортсменцәа зындаҭлараны иҟаз ирындаҭлоит. Баҭал Чежьиа жәа-раундктәи ақәгылара мҩаԥигоит, урыстәылатәи абоксиор Сергеи Кожухар диндаҭлоит аваканттә титул WBC Youth азы.

Харитон Агрбагьы жәа-раундктәи ақәгылара мҩаԥигоит урыстәылатәи абоксиор Сослан Тедеев диндаҭло.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: