АҞӘА, нанҳәа 14 – Sputnik. Аԥсны зыԥсы зшьар зҭаху атуристцәа амцҳәаҩцәа ирҿамшәарц азы ргәы рҽанызароуп, абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аҿы аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Барцыц.
"Агәҽанызаара шәоуроуп- мызкы ма инацны хәыԥса маҷла аԥсшьара шәанадрыԥхьало", - иҳәеит иара.
Барцыц иҳәеит шықәсқәак раԥхьа Аԥсныҟа апутиовка ԥаршеиқәа рыҭира амассатә ҟазшьа шамаз.
"Усҟан аминистрра абри аганахь ала аусура ду мҩаԥнагеит. Аԥсшьаҩцәа здызкыло зегь рахь ҳнеины рсаитқәа, рҭелқәа, релектронтә ԥошьҭа рымхны еидаҳкылеит", - иҳәеит иара.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, иахьа аминистрра асаит аҟны иҟоуп инарҭбаау аинформациа.
"Иара убасгьы ҳара иаԥаҳҵеит аҭелцәаҳәа ҷыда. Ари аҭел ахь дасыр ҟалоит дарбанызаалак Урыстәыла атәылауаҩ. Аҭел аинтернет ала аус ауеит. Аминистрра аинформациатә ҟәша аусзуҩцәа зегьы рҭелқәа рҿы апрограмма рзықәгылоуп аинырразы", - иҳәеит Барцыц.
Аԥсны аԥсшьараз аинформациа аиашара ахьынӡаҟоу урыстәылатәи атуристцәа еилыркаар алшоит Аԥсны атуризм аминистрра аҭел ҷыдахь иасны, избанзар амцҳәаҩцәа асаитқәа реиԥш зеиԥшу аԥаршеи-саитқәа цәырыргар ауеит, иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Аминистрра аусуҩцәа аинтернет-ресурсқәа хылаԥшра рырҭоит. Сынтәа, жәабранмзазы хә-саитк аарԥшын. Урҭ рзы адыррақәа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистррахь инашьҭын.
Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа агәҽанҵара ҟанаҵахьеит 2020 шықәса рзы асаит-ԥаршеиқәа рацәаны ишцәырҵыз.