COVID-19 рзықәыргылоуп даҽа 26-ҩык Аԥсны ауааԥсыра

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 182-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 66-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.
Sputnik

АҞӘА, нанҳәа 14 - Sputnik. Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 235-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рахьтә адиагноз COVID-19 рзықәыргылоуп 26-ҩык, ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Апандемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу рхыԥхьаӡара 182-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә 66-ҩык ргәы бзиахеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит.

Абри аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 24-ҩык апациентцәа. Уахыки-ҽнаки рыла ахәышәтәырҭаҟнытә илыҩҩауп згәабзиара ҭышәынтәалахаз ааҩык атәылауааи, урыстәылатәи ахаҿи, ԥсшьаҩык Шәачаҟа диагоуп идиагноз хада ала иҷыдоу амедицинатә цхыраара иҭаразы.

Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рымкырц азы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, асоциалтә дистанциа ркызарц.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>