Арадио

Ҭарба еиҭеиҳәеит аҿар аррахь рнаԥхьараҟны уадаҩрақәас иҟоу ртәы

2020 ашықәс азы арра маҵзурахьы ааԥынтәи аҿар рнаԥхьара алҵшәақәеи, арра ахгара зҽацәхьазкуа рганахьала хьархәрас иҟоуи ртәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны арратә комиссар Беслан Ҭарба.
Sputnik
Ҭарба еиҭеиҳәеит аҿар аррахь рнаԥхьараҟны уадаҩрақәас иҟоу ртәы

Сынтәа акороновирустә ҿкы иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы ааԥынтәи арра маҵзурахьы аҿар рнаԥхьара инахан, убри аҟынтәи уи ԥхынгәы 31 рзы ихыркәшан.

Шәазызырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.