Арадио

Анхаҩԥҳәыс Џьынџьалԥҳа-Џьапуа: банкак ҭацәны избар ҟалаӡом

Бабышьира ақыҭаҟны инхо, ауҭраҭых бзианы иҟазҵо, 70 шықәса ирҭагылоу Наҭелла Џьынџьалԥҳа-Џьапуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит сынтәа лҽаҩра зеиԥшроу, аӡынхәы ҳәа иалыркуа ахкқәа ртәы.
Sputnik
Анхаҩԥҳәыс Џьынџьалԥҳа-Џьапуа: банкак ҭацәны избар ҟалаӡом

"Аӡын азы аҟәыд, абырҷман асыркхьеит, анаша, апомидор, аиҵаџь, асалаҭқәа, ашә асыркхьеит, ашәырқәа иҟалахьоу еиларшны зегьы хкы-хкыла. Ашәеилаҵа сынтәа мацара акәӡам ианасыркуа. Еилаҵаны иҟоу ашә абанка иакыртә иԥысҟоит, аӡы ршны аџьыкхыш асҭоит, ирхьшәашәаны ашә нҭаҵаны нас аџьыкаӡы аҵасҭәоит, иасыркуеит. Агьама хәыҷӡак аҽаԥсахуеит, ҿыц еилаҵаны иуфо иаҿурԥшуазар, аха аӡәы акы ахыиҳәаауа смаҳацт изфахьоу, игәазҭахьоу рҟынтә. Исымоу зегьы ҟасҵоит, уажәы исымоуп ҳәа сызтәаӡом", - лҳәеит анхаҩԥҳәыс.

Лара иазгәалҭеит ауҭраҭых аҟаҵаразы аамҭагьы уҽақәуршәароуп, аха убри аан убаҩгьы уацәымаашьароуп ҳәа.

"Наџьнатә аахыс сызҿыц, избахьоу ауп, сацәаашьаӡом, макьана сгәабзиарагьы сахашшааӡом, аинтерес сымоуп, банкак ҭацәны избар ҟалаӡом, изакәызаалак ак ҭасҵароуп, иахьагьы-уахагьы сызҿу уи ауп. Уажәы ашәырқашь сзақәгылоуп, анашақәа аркразы исызгылоуп, урҭ зегьы ҟаҵатәуп", - лҳәеит Наҭелла Џьынџьалԥҳа-Џьапуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: