Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа

© Foto / Анжелика КучбаНатела Джинджолия-Джопуа, село Бабушера
Натела Джинджолия-Джопуа, село Бабушера - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал ауҭра лнапаҿы ибзианы иааиуеит, уи адагьы аԥҳәыс ус зегьы лықәманшәалахоит. Ишәыдаагалоит Sputnik аколумнист Есма Ҭодуаԥҳа ари аԥсуа ԥҳәыс сасра данылҭааз ашьҭахь иазлырхиаз анҵамҭа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Тҟәарчал араион, Бедиа ақыҭа ииз Наҭелла Џьынџьал дхәыҷызар аахыс анхашәатә бзазара далааӡан. Лара лаби лаб иашьеи Аџыри Мышәи Џьынџьалаа зыхьӡи зыжәлеи еидкыланы ирҳәоз ауаа иреиуан, Нхыҵи Аахыҵи шьхала иахьымныҟәацыз ыҟамызт, ақәыларақәа ирылахәын, ишәарыцон.

"Саб Аџыр ихьӡын. Аџыри Мышәи аишьцәа ракәын. Ҽыла иныҟәон, қәылара ицон, аҽқәа ааргон. Усҟан аҽқәа пату рықәын. Дара есымша ԥсыуа маҭәала еилаҳәан, рыхҭарԥақәа рхаршәны. Абарҭ анхамҩа усгьы иаҿын. Усҟан даҽакала иҟан, даҽа гьамак аман. Ауааҳә ҟарҵон. Амхы иҭагыланы ианырашәоз ашәа ҳәо, абри аџьабаа змо акы акәны акәымкәа, рыԥсы аларшьозшәа акәын ишазыҟаз. Убри иаҳбаз ауп ҳаргьы иахьа иааҳго", – ҳәа еиҭалҳәоит Наҭелла, луҭра далсны днеиуа, лаарыхрақәа лнапы налыршьуа.

© Foto / Анжелика КучбаНаҭелла Џьынџьал луҭраҿы
Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа - Sputnik Аҧсны
Наҭелла Џьынџьал луҭраҿы

Лара аҭаацәара даналала нахысгьы лыԥшәма Пиотр Џьапуеи лареи Тҟәарчал ақыҭан рхатә џьабаала анхара напы адыркит. Урҭ ирааӡеит хәҩык ахшареи зежәҩык амоҭацәеи. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, рынхара зегьы аныблы, Тҟәарчал иқәҵын, иахьа иахьынхо Бабышьира иааит. Араҟагьы ҿыц анхара иалагеит, ирымоу зегьы дара рнапала иҟарҵаз ауп, рхатә џьабаа мацарала, адгьыл ақәаарыхрала рхы-рыхшара рааӡеит.

Наҭелла луҭраҿы иҟам ҳәа акы ыҟам: ҳзышьцылоу анаша, апомидор инаркны, апырпыл, апатырџьан, ахәыл, апырпыл хаа, акырпыжә, ашьынка, аҟаб уҳәа, зеиуахк уҭаху афатә архаагақәа. Урҭ инарҷыдангьы сылаԥш иҵашәеит ауҭра иалагылаз, зыбӷьқәа џарџаруаз ҵиаак. Ари закәызеи ҳәа сахьҵааз, аҭаҭын ауп ҳәа салҳәеит.

© Foto / Анжелика КучбаНаҭелла Џьынџьал акәытқәа анҵаны илымоуп
Наҭелла Џьынџьал акәытқәа анҵаны илымоуп - Sputnik Аҧсны
1/9
Наҭелла Џьынџьал акәытқәа анҵаны илымоуп
© Foto / Анжелика КучбаАкәҷарақәагьы хылҵоит
Ачақәагьы рааӡоит - Sputnik Аҧсны
2/9
Акәҷарақәагьы хылҵоит
© Foto / Анжелика КучбаНаҭелла Џьынџьал аӡынразы асыӡбал злалыркуа амарҭхәқәа зегьы лынхамҩаҿы илымоуп
Наҭелла Џьынџьал аӡынразы асыӡбал злалыркуа амарҭхәқәа зегьы лынхамҩаҿы илымоуп - Sputnik Аҧсны
3/9
Наҭелла Џьынџьал аӡынразы асыӡбал злалыркуа амарҭхәқәа зегьы лынхамҩаҿы илымоуп
© Foto / Анжелика КучбаНаҭелла Џьынџьал луҭра иҭыҵуеит ауҭраҭых маҷымкәа
Наҭелла Џьынџьал луҭра иҭыҵуеит ауҭраҭых маҷымкәа - Sputnik Аҧсны
4/9
Наҭелла Џьынџьал луҭра иҭыҵуеит ауҭраҭых маҷымкәа
© Foto / Анжелика КучбаАпомидор, анаша, аџьықәреи, ашьамашәыга (аџьамԥазиа) уҳәа
Апомидор, анаша, аџьықәреи, ашьамашәыга (аџьамԥазиа) уҳәа - Sputnik Аҧсны
5/9
Апомидор, анаша, аџьықәреи, ашьамашәыга (аџьамԥазиа) уҳәа
© Foto / Анжелика КучбаУи адагьы аиаҵәара рацәаны луҭра иҭиаауеит
Уи адагьы аиаҵәара рацәаны луҭра иҭиаауеит - Sputnik Аҧсны
6/9
Уи адагьы аиаҵәара рацәаны луҭра иҭиаауеит
© Foto / Анжелика КучбаИара убас Наҭелла луҭраҿы иазҳауеит ахәыл
Иара убас Наҭелла луҭраҿы иазҳауеит ахәыл - Sputnik Аҧсны
7/9
Иара убас Наҭелла луҭраҿы иазҳауеит ахәыл
© Foto / Анжелика КучбаНаҭелла Џьынџьал лбаҳчаҿы иазҳауеит акарпыжә, ашьынка, аҟаб
Наҭелла Џьынџьал лбаҳчаҿы иазҳауеит акарпыжә, ашьынка, аҟаб  - Sputnik Аҧсны
8/9
Наҭелла Џьынџьал лбаҳчаҿы иазҳауеит акарпыжә, ашьынка, аҟаб
© Foto / Анжелика КучбаАри аҩыза ахатәы аарыхра угәы азҭанаҵоит
Ари аҩыза ахатәы аарыхра угәы азҭанаҵоит - Sputnik Аҧсны
9/9
Ари аҩыза ахатәы аарыхра угәы азҭанаҵоит
1/9
Наҭелла Џьынџьал акәытқәа анҵаны илымоуп
2/9
Акәҷарақәагьы хылҵоит
3/9
Наҭелла Џьынџьал аӡынразы асыӡбал злалыркуа амарҭхәқәа зегьы лынхамҩаҿы илымоуп
4/9
Наҭелла Џьынџьал луҭра иҭыҵуеит ауҭраҭых маҷымкәа
5/9
Апомидор, анаша, аџьықәреи, ашьамашәыга (аџьамԥазиа) уҳәа
6/9
Уи адагьы аиаҵәара рацәаны луҭра иҭиаауеит
7/9
Иара убас Наҭелла луҭраҿы иазҳауеит ахәыл
8/9
Наҭелла Џьынџьал лбаҳчаҿы иазҳауеит акарпыжә, ашьынка, аҟаб
9/9
Ари аҩыза ахатәы аарыхра угәы азҭанаҵоит

"Абри аԥхьа абра ҳанаа анхара, иҳадырҵеит аҟаҵара, ақыҭа зегьы иҟарҵеит. Убас иҟалеит, агарҭа ҳмоуа. Уи ауҭраҭых шыҟабҵо еиԥш, абас ибрашәеит, ибцәаӷәеит, ибчалтит, еиҭабҳаит. Нас икнаҳан иҳарҩеит, ианҩа нахыс абас иаҳҷаҷуеит. Уи агәыр ыҟамзи абас, идуу, убри ала еихаԥсаны, иаҳҷаҷуеит. Нас иҳарҩеит, икнаҳҳаит, анаҩс аҭирахь ирысҭеит. Уи ашьҭахь иҟаҳамҵеижьҭеи акырҵуан. Уажәы абас цырақәак ауҭра иалеиҭаҳан иҟасҵеит, ауҭразы ибзиоуп иара", – ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Аҭаҭыншьапқәа ауҭразы ибзиоуп лҳәоит Наҭелла Џьынџьал
Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа - Sputnik Аҧсны
Аҭаҭыншьапқәа ауҭразы ибзиоуп лҳәоит Наҭелла Џьынџьал

Ауҭраҭых инаҷыдангьы амх дугьы ҟаҵаны ирымоуп, аџьықәреи аҟәыди ахьрызҳауа. Адгьыл заҟа бҭаху ыҟоуп, иузыҟаҵозар лҳәоит лара. Наҭелла Џьынџьал ишазгәалҭо ала, лара лзын аарыхра ааԥсароуп ҳәа лызҳәом, уимоу акы данаҿым ауп лгәы ианазымчҳауагьы. Иаалрыхуа акәзар, лхазы мацара акәым, лҭаацәа зегьы ирхьылгӡоит, ақалақьқәа рахь ирзылшьҭуеит, лгәылацәа ракәзар, урҭ рыда схала стәаны иагьысзыфом лҳәоит.

© Foto / Анжелика КучбаАӡынразы Наҭелла иалыркхьоу аҭаҵәахқәа ҵҩа рымам
Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа - Sputnik Аҧсны
Аӡынразы Наҭелла иалыркхьоу аҭаҵәахқәа ҵҩа рымам

Лыҩцараҟны уажәнатә иалыркхьоу аӡынтәи аҵәахқәа ахы убар, аҵыхәа узымбо иҭәуп. Иара убас ақыҭанхаҩ нага ишиҷыдаҟазшьоу еиԥш лыҩнаҭа ахш-харҵәы агым. Иара уигьы ашә рҩаны аӡын азы иахьылҵәахуа адагьы, ашә-аӡагьы аркқәа ирыланы сылаԥш иҵашәеит.

Ашәаӡагьы алыркуеит Наҭелла
Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа - Sputnik Аҧсны
Ашәаӡагьы алыркуеит Наҭелла

Уи шыҟалҵо атәгьы сзеиҭалҳәеит абас:

"Ашә аӡа абас иара злахысхыз аӡы ала еиҵаҵаны, аџьыкхыш агьамала инаҭаны абас иасыркуеит. Ашә рҩа усгьы иҟаҳҵоит, абригьы абас. Аибашьраангьы абри ҳаарыхра иҟаҳҵоз ала акәын ҳазланхоз, аӡәы акы иҭаххаргьы ҳаицхыраауан, уажәгьы ак ҟаларгьы, абри ҳхала ҳтәаны иаҳфаӡом, схала сара сыгәгьы иаҭахӡам, аӡәы акы иҭахума, зегьы сызрыхьӡандаз ҳәоуп сшыҟоу. Нас сара иҿыцу акы ахәыцрагьы бзиа избоит, схатә гьамала. Уажәы акониак иарҭо архаагақәагьы аарыхны, уигьы снапала иҟасҵоит. Ажәакала, иҳалшо ала ҳанхоит", – ҳәа еиҭалҳәоит лара, аибашьраантәи ауадаҩрақәа уажәгьы лхы-лгәы ишҭоу мҩашьо.

© Foto / Анжелика КучбаНаҭелла Џьынџьал луҭраҿы
Аамҭақәа зегьы ирзыхиоу: Бабышьира инхо Наҭелла Џьынџьал лнапы шлыцааиуа - Sputnik Аҧсны
Наҭелла Џьынџьал луҭраҿы

Лашҭа акәытқәеи ашәишәиқәеи рыла иҭәуп. Урҭ ирыцуп акәатақәагь, ачақәагьы. Ачақәа лмаҭа Алмас Џьапуа иоуп иаазгаз лҳәоит, убри иара азҿлымҳара иоун, рааӡара далагеит ҳәа ҳалҳәеит. Ажәакала, ақыҭанхамҩа агьама лара лмаҭацәагьы ишьҭыркааит.

Зхатә џьабаала инхо аҭаацәара ауадаҩрақәагьы маҷымкәа ирымам, аха уи рындырԥшӡом, акы ҳагуп ҳәагьы рҳәом, ргәы аартуп, доуҳалагьы ибеиоуп. Ари анҵамҭак алагьы иузҳәом урҭ рнапы злаку аусхкқәа зегьы.

Ҳаицәажәараан Наҭелла исзеиҭалҳәеит имаҷымкәа ажәытә ажәабжь ссирқәагьы. Лара лыбаҩ ҷыда шыҟоу ала, алаф азгьы лыбз хуп. Изыхәҭоу лафла дзыԥсоугьы иалҳәоит, ажәа азы хара ицо лакәым. Лыҩнаҭа иаҭаауа зегьы напы рҭәыла ишоулышьҭуа еиԥш, саргьы, ишысымуазгьы, напыда сылмышьҭит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0