АҞӘА, нанҳәа 16 - Sputnik. Даҽа быжьҩык ауаа акоронавирус рыдбалоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб нанҳәа 16 рзы.
"Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә чымазара амазааразы агәаҭара иахысит 77-ҩык ауааԥсыра, адиагноз COVID-19 рзықәыргылоуп быжьҩык. Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп акоронавирус зцәа иалоу 21-ы апациентцәа. Урҭ рахьтә зҭагылазаашьа бжьаратәу хҩык ыҟоуп, аӡәы дхьанҭоуп", - ҳәа азгәаҭоуп аацҳамҭаҿы.
Згәабзиара ҭышәынтәалаз хҩык атәылауаа ахәышәтәырҭа илыҩаауп. Ачымазара змоу руаӡәы ҳтәыла анҭыҵ ихәышәтәразы диагоуп.
Ауааԥсыра акоронавирустә ҿкы рацәыхьчаразы аоперативтә штаб ажәлар рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ачымазара рымкырц азы ахыхьчаратә ԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, асоциалтә дистанциа ркызарц.
Акоронавирус иадҳәалоу аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>